Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шәҩык инареиҳаны адепутатрахь акандидатцәа аԥсихиатриатә гәаҭара иахысит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизарахь адепутатразы акандидатцәа Ареспубликатә ԥсихоневрологиатә хәшәтәырҭа ҷыдаҿы ргәаҭара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны иагьхыркәшахоит жәабран 10 азы.
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Шәҩык инареиҳаны адепутатрахь акандидатцәа аԥсихиатриатә гәаҭара иахысит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Ареспубликатә ԥсихоневрологиатә хәшәтәырҭа ҷыда аҳақьым хада и.н. Ирина Ануаԥҳа.
Лара лажәақә арыла, 103-ҩык аршаҳаҭга лкаақәа роуит аԥсихикатә уадаҩрақәа шрымам азы.
Агәаҭарақәа х-хәҭакны имҩаԥысуеит. Актәи ахәҭа аан игәарҭоит акандидат аԥсихдиспансер аҿы ашәҟәы дҭагалоу дҭагаламу, аҩбатәи аҿы - акандидат атесттә дҵақәа дрыхрыжьуеит. Уи ала иҭҵаахоит акандидат иԥсихика аусушьа – ихәыцшьа, игәынкылара, иинтиллект аҩаӡара. Ахԥатәи аҟны – аҳақьымцәа ркомиссиа акандидат дгәарҭоит акраамҭатәи аԥсихикатә шьақәҟьара имоу имаму.

"Абарҭ зегь еихшьаалан амедицинатә лкаа ҟаҳҵоит. Иааидкыланы иуҳәозар акандидатцәа рыԥсихикатә ҭагылазаашьа уадаҩрак аман иҟам. 103-ҩык агәаҭара иахысыз зегьы иреиҳау аҵара рымоуп, иҟоуп ҩба-ҩба ҵара змоугьы", - ҳәа лҳәеит Ануаԥҳа.

Аԥсны Жәлар реизарахь адепутатразы акандидатцәа Ареспубликатә ԥсихоневрологиатә хәшәтәырҭа ҷыдаҿы ргәаҭара иалагеит ажьырныҳәа 21 инаркны ихыркәшахоит жәабран 10 азы.
Иахьазы Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭаргалахьеит 115 аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәа хәбеи. Алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0