Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба: Урыстәыла ашәарҭадара иаԥырхагоу амӡбакәа, Европа аҭышәынтәаларахь изкылсуам

Ҳагба: Урыстәыла ашәарҭадара иаԥырхагоу амӡбакәа, Европа аҭышәынтәаларахь изкылсуам
Анапаҵаҩра
Адунеитә стратегиатә ҭышәынтәалара зыбзоуроу, ҳаамҭазы адунеи аҟны аибарххарақәа мзызс ирымоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Урыстәылатәи Афедерациеи Америка Еиду аштатқәеи реизыҟазаашьа, астратегиатә ҭышәынҭәалара иаҳа иашьҭоу, иахьазы аҳәынҭқаррақәа рыбжьара иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аполитикатә експертцәа ахә шыршьо атәы далацәажәеит аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба.
"Иахьа адунеитә процессқәа ирыхәаԥшуа иазгәарҭоит аҭышәынтәалара ӷәӷәаа иагханы ишыҟоу. Еиҳарак уи зыбзоуроу Еиду Америкатәи аштатқәа имҩаԥырго аполитика ауп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Украина акәша-мыкәша ихагахазшәа имҩаԥырго аполитика аҭышәынтәалара зынӡаск иарԥсыҽо иалагеит, иҽеим, аха ԥыҭҩык азгәаҭаҩцәа ишырҳәо ала, ааигәа иҟаз аиԥылара ду аан Китаитәи ареспублика ахадеи Урыстәыла ахадеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны даҽа епохак алагеит… Адунеи жәларбжьаратәи аҭышәынтәалара анаҳҳәо, уи зыӡбо ҩба-хԥа ҳәынҭқарра роуп, Урыстәыла, Китаи , Еиду Америкатәи аштатқәа роуп адунеитә стратегиатә ҭышәынтәалара зыбзоуроу. Адунеи атәылақәа рыҟны аиҿыхаратә формақәа ахьыҟоу, арҭ ахәынҭқарра дуӡӡақәа ирыӡбаз аҟны ауп иахькылсуа. Иазгәаҭатәуп, иара Европатәи аҳәынҭқаррақәа Украина имҩаԥыргоз аполитика ала акәакь икҿарцалеит, уажәшьҭа алҵшьас иамоу рыздырӡом. Абас еиԥш афакторқәа макьана аҭышәынтәаларахь инанагом, аха издыруада иааиуа амзақәа рзы Урыстәылеи Еиду аштатқәеи еицәажәаны хәыҷык инаскьаргар, Украина азҵаара аӡбара аҭышәынтәаларахь ииасыр ҟалап, аха макьаназы еибарххароуп", - иҳәеит Ҳагба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0