https://sputnik-abkhazia.info/20220208/asny-uakhyki-naki-ryla-daa-354-yk--akchymazara-rykhit-1037480175.html
Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла даҽа 354-ҩык аҿкчымазара рыхьит
Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла даҽа 354-ҩык аҿкчымазара рыхьит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 47205-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 39003-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 607-ҩык. 08.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-08T23:12+0300
2022-02-08T23:12+0300
2022-02-08T23:12+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/01/1036549423_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_25bb59e08d3cc6214cf77b4f78e076fa.jpg
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 720-ҩык, урҭ рахьтә 354-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭаз ачымазцәа 89 шықәса зхыҵуази 64 шықәса зхыҵуази аҳәса ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 68-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 9-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 26-ҩык, урҭ рахьтә х-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 18-ҩык ачымазцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/01/1036549423_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_9abc421a6ea89357b34bcd0c0880273c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, ауаажәларра, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла даҽа 354-ҩык аҿкчымазара рыхьит
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 47205-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 39003-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 607-ҩык.
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 720-ҩык, урҭ рахьтә 354-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭаз ачымазцәа 89 шықәса зхыҵуази 64 шықәса зхыҵуази аҳәса ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 68-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 9-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 26-ҩык, урҭ рахьтә х-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 18-ҩык ачымазцәа.