Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Урыстәылаҟа инанашьҭыз ацитрус шәырқәа ф-нызқь тонна еиҵоуп иазгәаҭаз аасҭа

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ациртрусқәа аҳәаа ахыгара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы.
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп 21 000 тонна ацитрус шәырқәа, планла иазгәаҭаз 27 000 тонна ацынхәрас, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа.
Премьер-министр обсудил итоги работы Государственного таможенного комитета в 2021г. на встрече с руководством ГТК - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Аԥсны
Аекспорт еиҵахеит, аимпорт еиҳахеит: аҳазалхыҩцәа 2021 шықәса иазку аҳасабырба ҟарҵеит
Барганџьиа иажәақәа рыла, ацитрус сезон ахыркәшарахь инеит, анхацәа уажәы ирҭиуа иаанхаз рура ауп.
"Ареспублика иалган иаҳашьҭуаз ацитрус рацәаны ыҟамызт уажәазы. Жәабран анҵәамҭеи хәажәкыра алагамҭеи азы макьанагьы изҭиуа ыҟоуп, аха асезон хыркәшоуп ҳәа уҳәар ауеит", - иҳәеит Барганџьиа.
Едуард Барганџьиа иазгәеиҭеит еизгаз ашәыр акыр ишеиҵахаз ҵыԥх аасҭа. Ацитрусқәа ашықәс бжьырхуеит иҳәеит иара.
Иааидкыланы иара ацитрустә сезон цәгьамызт ҳәа ахыиҳәааит. Анхацәа рҽаҩра уадаҩрада аҭира рылшеит.

"Асезон алагамҭаз аҳәааҿы ауаа рацәан. Зегьы атауар аиагара рҭахын. Аамҭақәак рыла ауадаҩрақәа аҭыԥ иқәҵан. Зегь рыҭитә ԥхасҭамкәа ирҭиит", - ҳәа иҳәеит Барганџьиа.

Ацитрусқәа рнаҩс аҳәаа иахыган 1,1 нызқь тонна ахәырма, 1,8 нызқь тонна афеихо, 200 тонна акиви, 1,7 тонна араса.
Ажәабжьқәа зегьы
0