Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Делԥҳа: акарантин аан аҵаҩцәа баша иаанымхарц, изхысыз амаҭәар арҵаҩцәа иргәаладыршәалоит

Делԥҳа: акарантин аан аҵаҩцәа баша иаанымхарц, изхысыз амаҭәар арҵаҩцәа иргәаладыршәалоит
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аиҳабы Нонна Делԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит акарантин иҟоу аҵаҩцәа изхысыз амаҭәарқәа рхамшҭырц азы, арҵаҩратә еилазаара рхатә аԥшьгарала ахәыҷқәа рыҽрымардалоит ҳәа.
Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин жәабран 11 рҟынӡа иацҵоуп аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба иусԥҟала. Аҳҭнықалақь аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа акарантин рылаҳәоуп ажьырныҳәа 27 раахыс ачымазара ҿкы алаҵәаразы иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны.
"Акарантин ҳаҟанаҵы аҵара аминистррахь адырра наҳашьҭуан ахәыҷқәа ргәабзиара зеиԥшроу аҭагылазаашьазы. Арҵаҩцәеи аҭаацәеи рыбжьара аимадара ыҟоуп ахәыҷқәа шоужьугьы, ргәабзиара ҳацклаԥшуеит ичмазаҩхаз рхыԥхьаӡара иацло иацымло. Акарантин ҳаҟанаҵы шәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ачымазара ҿкы рцәа иалалеит, иара убас арҵаҩцәа 16 ҩык чмазаҩхеит. Уажәшьҭа иацҵахеит акарантин жәбаран14-нӡа. Ари амчыбжь азгьы аҭагылазаашьа шыҟало ҳаздырӡом. Ҭелла ҳахьеицәажәоз арҵаҩцәа иҳамоу агәыԥқәа WhatsApp аҟны иҳаӡбеит, ус адҵа ҳамам аҵара аминистрра аҟынтәи, аха арҵаҩцәеи ахәыҷқәеи рҽеимданы адҵақәы рырҭаларц, избанзар ҳаԥхьаҟа ишыҟало ҳаздыруам. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аҵараҟны иҟаз аихьымӡарақәа ртәы ҳдыруеит азы, хҽазаҳкит адҵақәа ҳабжьаҳҵаларц. Досу ишрылшо, ирымоу ахархәагақәа рыла рҽеимардоит, аха рыцҳарас иҟалаз алашара дырцәоит, иамоу ахаҭабзиарагьы ҽеим, убри аҟынтә адҵақәа WhatsApp ала акәхоит ишыҟало. Ахәыҷқәа баша аҩны иаанымхарц, иаҳҵахьоу ахәыҷы ҳхамшҭырц азы, иахьынӡалшо аимадара ҳабжьаҳҵоит ари амчыбжь инаркны ", - лҳәеит Делԥҳа. Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0