Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьал Тҟәарчал араион ацәаӷәагатә техника аҭагылазаашьа иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьал Тҟәарчал араион ацәаӷәагатә техника аҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Амиран Џьынџьал арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауаа рымхқәа ацәаӷәара иахьынӡазыхиоу атәы, аусурақәа рынагӡаразы атехника шеиқәдыршәо атәы.
"Уажәааны абжьааԥны еиԥш амеханизаторцәа зегьы еизаны ртехника гәарҭоит, иагу амаругақәа аҿарҵеит, Урыстәылантәи иаап ҳәа ҳақәгәыӷуеит. Рымчала амашьынақәа дрыцқьоит, абылтәы ахьыршьуеит. Нас еиламхарцаз атракторқәа дыргылароуп ирмазеины. Зынӡа 17 трактор ҳамоуп. Акы акапиталтә ремонт аҿы иқәгылоуп абар шьҭа ҩышықәса, уи ахәҭақәа агуп ирацәаны. 16 цыра аус руан ҵыԥх. ДТ-75 ҳамоуп акы, уи анаарақәа ахьыҟоу иацәаӷәоит. Проблеманы иҳамоу акәаҭанақәа роуп, аха аминистрра ҳақәдыргәыӷуеит, ирласны иаароуп ҳәа адырра ҳамоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0