Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"АԤРА" асистемаҿы 2021 шықәсазы атранзакциа 25,3 миллиард мааҭ инаӡеит

© Sputnik / Акоп КущянБанковские карты Апра
Банковские карты Апра - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс азтәи арбагақәа 2020 шықәсатәиқәа 47 процент иреиҳахеит.
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" аҿы атранзакциақәа 2021 шықәсазы 25,3 миллиард мааҭ инаӡеит. Ари 2020 шықәса аасҭа 8 миллиардк (47%) рыла еиҳахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Абанк асаит.

Аоперациақәа реиҳарак ахсаалага АԤРА ала имҩаԥгоуп - 46,2%, жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа рыла (МПС) – 42,3%, аԥарашәаратә система "МИР" ала – 11,5%.

2021 шықәсазы Аԥсны абанктә хсаалагақәа рыла инапынҵадоу ахшәаарақәа рхышәаҵышәа ҩынтә еиҳахеит 2020 шықәса иаҿырԥшны. Иагьышьақәнаргылеит 6,8 миллиард мааҭ.
Ашәарақәа абасеиԥш еихшоуп:
МПС ахсаалагақәа рыла ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҿы аԥарашәара мҩаԥган 6,3 миллиард мааҭ рыхә, ахсаалага "МИР" ала - 1,2 миллиард мааҭ.
ахсаалага АԤРА ала аԥарашәара мҩаԥган 433 миллион мааҭ рыхә. Ари 80% рыла 2020 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳауп.
Акыр ишьҭыҵит ахсаалага АԤРА "World" ала Аԥсны анҭыҵ аоперациақәа рымҩаԥгара - 41 миллион мааҭ 2020 шықәсазы, 66 миллион мааҭ 2021 шықәсазы.
Банковские карты Апра - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Аԥсны
Аԥсны амилаҭтә банк аԥарахсаалага "АԤРА" азы 2022 шықәсазы ацҵа азнархиоит
2021 шықәсазы аԥареиҭагаратә система "Contact" ала ахсаалагақәа АԤРА рахь ииаган 27 миллион мааҭ. Ари 24,4 миллион мааҭ рыла еиҳауп 2020 шықәсазы аасҭа.
2021 шықәса абҵарамзазы Амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" АО "НСПК" (аԥарашәаратә система "МИР" аоператор) реицхыраарала имҩаԥган урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалагақәа рҟынтәи ахсаалага АԤРА "World" ахь аԥараиагара амаҵзура аусура. 2021 шықәсазы абри амаҵзура ахархәарала 15 миллион мааҭ ыиаган.
2021 шықәсазы аԥарашәаратә система алахәыла-банкқәа иқәдыргылеит 657 POS-терминал ареспублика ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҿы. 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 азы атерминалтә ҳақәа рсистемаҿ 3269 шьақәгыла аус руан. Урҭ рҟынтәи - 128 банкомат, 3014 POS-терминал, АԤРА алахәыла-банкқәа рыҟәшақәа рҿы иқәыргылан 127 ПВН-терминал.
Нацбанк Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2021
Аԥсны
Абанк ахсаалага "АԤРА" аҟынтәи урыстәылатәи ахсаалагақәа рахь аԥара аиагара аланарҵәоит
Ажәабжьқәа зегьы
0