Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәԥҳа Франциа COVID азы: аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара амҩа иқәуп

Ашәԥҳа Франциа COVID азы: аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара амҩа иқәуп
Анапаҵаҩра
Франциа инхо ҳџьынџьуаҩ Алина Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит атәылаҿы аԥкрақәа рырԥсыҽра шалыршахаз атәы, аҿкчымазара аларҵәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
"Аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара амҩа иқәуп. Ари даара ихҭыс дууп афранцызцәа рзы. Зехьынџьара аныҟәара рылшоит. Уаанӡа иаркыз ақьафурҭақәа, адәқьан дуқәа аартуп, аха асабрадақәа ҳҿаҵаны ҳныҟәоит. Ахәшәтәырҭахь инеиуа рхыԥхьаӡара маҷуп, аха убри аан ирацәоуп ачымазара змоу ахәыҷқәа, аԥшқацәа рыманы ахәшәтәырҭахь инанаго. Ҩышықәса раԥхьа уи аҩыза ыҟаӡамызт. Уажәы иаҳа-иаҳа иуԥылоит урҭ рҩызцәа ахҭысқәа. Атәылаҿы еиҳарак аларҵәара змоу аштамм "омикрон" ҳәа изышьҭоу ауп. Уи агрипп чымазара еиԥш ицоит, ирацәаны ауадаҩрақәа ацӡам. 3-18% ауааԥсыра х-гәырк ҟарҵахьеит азы, ирласны ирхыргоит, иухьзар, хәымш аҩны уҟоуп, нас ҳҭыҵны аус аауеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0