Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны АКХ Апарламент адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 10 рызтәи адыррақәа рыла, Аԥсны Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит аԥшьгаратә гәыԥқәа 118-и аполитикатә партиақәа хәбеи.
АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхрақәа рымҩаԥгаразы амзартә план инақәыршәаны жәабран 10 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада (АКХ) адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩра иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ареспублика АКХ аҿы.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит жәабран 10 рызы. Адепутатразы акандидатцәа рҭаҩра иалагоит жәабран 10 инаркны, ихыркәшахоит хәажәкыра 2, асааҭ 18:00 азы.

Жәабран 10 рзы иҟоу аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьгаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы. Иалырхуеит 35-ҩык адепутатцәа. Адепутатрахь кандидатс зхы ықәзыргыло дарбанзаалак алхрақәа рымш аҽны 25 шықәса ихыҵхьазароуп. Депутатс дзыҟалаӡом аусӡбара иақәшәахьоу, анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, аҩыжәра иазгагоу, апсихикатә чмазара змоу атәылауаҩ. 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны атәылауаа зегьы абжьыҭара азин рымоуп.
Иалхуп ҳәа ирыԥхьаӡоит акандидатцәа, алхра зхы алазырхәыз рҟынтә абжьқәа еиҳаны изауз.
Алхрақәа иазԥхьагәаҭаз рҟынтә 25% еиҵаны иалахәхазар, алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирԥхьаӡоит.
Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит. Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжь ирхымгакәа. Далххоит абжьыҭара иалахәу рхыԥхьаӡара иахьмырԥшыкәа абжьқәа реиҳарак зауз.
Иалху адепутатцәа АКХ ашәҟәы иҭанагалоит абжьыҭара ашьҭахь бжьымш ирхымгакәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0