Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳажәлар ирыламысыз ашәҟәыҩҩы: Никәала Ҳашыг игәалашәаразы

© Foto / фото предоставил Анатолий ЛагулааНиколай Хашиг
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Никәала Ҳашыг жәабран 11 рзы ихыҵуазаарын 90 шықәса. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа ҳадигалоит апоет Анатоли Лагәлаа.
Никәала Ҳашыг диижьҭеи 90 шықәса ҵит. Ашәҟәыҩҩы дызнысыз имҩа уананыԥшылалак, ииашаҵәҟьан агәра угоит, иԥсҭазаара зегьы аиашеи, аламыси, аԥсуареи, ахьӡи-ахьымӡӷи ишрыдҳәалаз, рдацқәа урҭ рҟынтә ишаауаз. Нас, утәаны ахәыцра уалагоит, уара узыҳәан реиҳа иалукаауеи, реиҳа уԥсҭазаара иацуи, узыргәжәажәеи, узыргәырӷьеи, иухамышҭыртә иузынхеи уи ишәҟәқәа рҟынтә ҳәа…

Хымԥада, сара Никәала Ҳашыг ишәҟәқәа зегьы ирылыскаауеит, ирлас-ырласынгьы срызхьаԥшуеит, акырынтәгьы сыԥсҭазаараҿ "ҩызара" сзырухьеит, уимоу, аԥсуара амҩаԥгараҿ "сагьеиқәдырхахьеит" уи ишәҟәқәа хԥа: ароман - "Абду Ажьгьери", аԥсуара иазку ишәҟәы – "Аԥсуара ашьаҭақәа", ҳажәлар ааигәа ирхыргаз аибашьреи, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи ирызку ишәҟәы - "Аибашьра, аибашьра". Арҭ ахԥагьы ашәҟәыҩҩы ибаҩхатәра зықәгылоу ауасхыр бзиақәа хԥа иреиуоуп. Ҵабыргуп, егьырҭ ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи ҳара ҳалаԥш иҵҳажьӡом, иагьҳзааигәоуп, ҳлитератураҿ урҭ дара рҭыԥ рымоуп, аха реиҳа зыбжьы зыргахьоу, ирылаҵәахьоу, ҳажәлар ирзааигәахахьоу, сара стәала абарҭ ахԥа ракәзар ҟалап еиҳа.

Иазгәаҭатәуп, Никәала Ҳашыг шәҟәыҩҩык иаҳасабала, ихьӡ аазыртыз иҩымҭақәа зегьы раԥхьа ишгылоу ироман "Абду Ажьгери". Сара ибзиан исгәалашәоит уи анҭыҵ шаҟа ирласны аӡбахә рылаҵәаз аԥхьаҩцәа. Раԥхьа иргылан ароман иныҟәнагоз аидеиа, аҵакы, ҳмилаҭ даара ирзааигәан, иахьеи-уахеи изызхәыцуаз акакәын, уи амҳаџьырра иазкын… Абар автор уи шигәалаиршәо: "Сара схы здыруа санааҟала инаркны, усеиԥш еицәажәарак аныҟоу, снаскьаны, сҟәардә хәыҷы сықәтәаны, сырзыӡҩрлон. Ари гәазҭаз сасык зынгьы саб диазҵааит:
© Foto / Анатоли ЛагулааНикәала Ҳашыг ироман "Абду Ажьгьери"
Никәала Ҳашыг иҩымҭа Абду Ажьгьери - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Никәала Ҳашыг ироман "Абду Ажьгьери"
- Уара абри ахәыҷы иҩызцәа рахь хәмаррагь дцом, иахьак абра дтәаны даҳзыӡҩруеит,- иҳәан саб диазҵааит,- иаҳҳәо акыр еиликаауоу?!
- Саб, сара даасзыԥшын: - Дӡҩрлааит,- иҳәеит иара, иахьа изеилымкаар, уаҵәы еиликаауеит…
Иҵабыргыҵәҟьаны, ахәыҷы игәынкылара бзиами, исаҳауаз зегьы, мшаҽны еиԥшҵәҟьа, исгәалашәоит, урҭ ҵакыс ирымаз ашьҭахь ауп еилыскаауа саналагаз…"
Ашьҭахь, ашәҟәыҩҩы хәыҷы даныҩеидас, ари иаҳауаз ажәабыжь дамырҭынчит, дамыртәеит, еиҳагьы инарҭбаан, инарҵаулан иҭиҵааит, дрыҿцәажәеит ирацәаҩӡаны амҳаџьырра иагаз ирыҵкарыз зегьы, рмҭацәа, уи ажәабжь ҿаасҭа еиқәырханы, инеимда-ааимдо иаазгаз…
"Ашәҟәы, аҩра џьамыӷәоуп, даараӡа, даараӡа! Аха аҭыжьра еиҳагьы иуадаҩхеит, 1970 шықәсазы иҩны салгеит- 1975 шықәсазы, ибжамҽамны акәзаргьы, иҭсыжьит. Аха иџьасшьаз, ибжам-ҽамны акәзаргьы, ашәҟәы иаԥхьаз, ирацәаҩны арҽхәаԥхьыӡқәа рҳәеит. Даара акыр угәаӷьит зҳәазгьы ыҟоуп, амҳаџьырқәа рыӡбахә аҳәара иаҟәырххьеит, уара Аԥсныҟа рырхынҳәра апроблема ықәургылоит!
Владимир Анқәаб данаԥхьа, ҳамҭа дук иоузшәа, даара деигәырӷьеит- уи ус иҟазшьан, иара иҩызак иҩымҭа игәаԥхар, ҳамҭа дук еиԥш деигәырӷьон! "Гәылиа ихьӡ зху Апремиахь хымԥада иқәҳаргылоит!" - иҳәеит иара. Уи излымҵуаз усын, аҟнытә, иаартны иасҳәеит, ус акы иаԥшьимгарц. Аха Владимир Платон иԥа ииҳәаз ҳәан, Ауниверситет аҿы аизара мҩаԥганы, иқәдыргылеит. Уи ашьҭахь ианахцәажәоз, ажәа бзиақәа шахырҳәаазгьы, акомиссиа анахәаԥшуаз, ирыӡбеит мап ацәыркырц…"
Ҳџьынџьуаҩ Шьенер Ҳәмарбеи ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыги. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2016
Ҳәмарба: аԥхьаҟа сгәы иҭоуп Ҳәмарқыҭ ҩнык сыргыларц
Ари ароман ибзиан ианыԥшуеит иара автор иажәақәа рыла иуҳәозар, усҟантәи ашықәсқәа раан, аурыс ҳәынҭқар Аԥсны инапаҿы ишааигаз, аха уи ичынуаа аԥсуаа рнапаҿы ирзаамгеит. Аурыс ҳәынҭқар Аԥсны зиҭахыз, амшын агаҿазы акәын, аҭырқәа сулҭан иакәзар, аибашьцәа ракәын ииҭахыз, аԥсуаа шеибашьцәаз идыруан. Абасала, урҭ аимпериақәа шеиӷацәазгьы, араҟа ринтерессқәа еиқәшәеит. Нас аԥсуаа рыҩнуҵҟа "ацҳаражәҳәаҩцәа" рыԥшаан, Анцәа ду ираҭәеишьаз рыԥсадгьыл лкажьны, иртәышьҭрамыз тәым тәылак ахь ицеит.
Ари ароман автор раԥхьа иповестны иҩит, аҭыжьра аан ацензура даара акырџьара ихырыҵәҵәеит, иныҟәнагоз аидеиа зегьы амырхит, аха зегьакоуп автор еиҭах аус адуланы, иара ишиҭахыз, ииҭахыз зегьы "арҳәаны" 1970-2012 рыбжьара ԥшьынтә еиҭаҭижьит. Иахьа аԥхьаҩ хаз-шәҟәны, инапаҿы имоуп, 2013 шықәсазы, "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" иҭнажьыз ихарҭәаау ашәҟәы.
Никәала Ҳашыг ижәлар зҭагылаз аибашьра шәҟәыҩҩык иаҳасабала дрыӷӷаны игәылсит, ихьаа духеит, игәырҩа духеит иара изы. Аха агәкажьра шамахаӡакгьы аӡәгьы иирбар ҟалаӡомызт, избанзар, иара иеиԥш иҟаз ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа, аинтеллигенциа ражәа аҳаҭыр ду ақәын рыжәлар иԥсыда инхада анырҳәоз аибашьра ӷәӷәа аан... Насгьы, ашәҟәыҩҩы Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡагьы ахҟьа-ԥҟьақәеи, агәырҩа иацзи ихәыҷра аҟынтәи ибзиан игәалашәон, убри азы, урҭ аибашьрақәа, урҭ аҩ-мцак былы-былуа ицран...Убри азоуп, Аԥсны аибашьра анцоз, иара зегь раԥхьа иргылан, ишәҟәҩҩратә, ипрофессионалтә уалԥшьа зынеигӡаз, Аԥсни Аԥсны жәлари ирыхҭысуаз зегьы, иара игәы ишаныруаз, илаԥш ҳәаа ишабоз ала, ижәлар ҭоурыхны ирзынижьит. Абар, автор урҭ ахҭысқәа дышрылацәажәо ишәҟәы "Аибашьра...Аибашьра..." аҟны:
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Аԥсуара ахьчара зыԥсҭазаараз: ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи 89 шықәса ҵит
"Абасала, ҳажәлар рҵеицәа налагылт рыԥхыӡ иаламшәоз аибашьра. Ҳажәлар нҭагылеит аԥышәара дуӡӡа. Ҳаԥхьаҟа урҭ ирԥеиԥшын ахҵәара, амлакра, ахьҭакра: жәашықәсала ԥхӡашала идыргылоз рынхамҩа архәашьра, ақыҭақәа рықәблаара, ақалақьқәа реилаԥыххаара".
Никәала Ҳашыг даара акыршықәса аҩра даҿын, аџьабаа дуӡӡа здибалаз, ҿыгҳарылагьы идуу, "Аԥсуара ашьаҭақәа" захьӡу ишәҟәы. Ари ашәҟәы ҭыҵит ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны 2002 шықәсазы.
Иахьа ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг диижьҭеи ԥшьынҩеижәижәаба шықәса аҵра аиубилеи аназгәаҳҭо аамҭазы, инаҵшьны иҳәатәуп, Миха Лакрба иаамышьҭахь, иара иеиԥш Аԥсуара инарҭбаан иалацәажәаз, зырҿиамҭакәа азызкыз, уаҵәы игыло аҿар рылааӡараз аџьабаа ду збаз, аӡәгьы дшыҟам... Убри аганахь ала, сара агәаанагара сымоуп, хымԥада иазыхынҳәтәуп ҳәа, ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг ишәҟәы "Аԥсуара ашьаҭақәа " иреиӷьӡоу аҭыԥқәа алхны, иахьынӡахәҭоу аус адуланы, "Аԥсуара" ахьӡҵаны, ҳметодистцәа бзиақәа рнапы иҵганы, хаз матәарк аҳасабала Аԥсны ашколқәа рылагалара. Абри аус ҟаҵазар, даара иацхраауан, иахьа акыр ишәарҭахаз, аӡра иаҿу ҳаԥсуара аиқәырхараҿ…
© Foto / Абхазская интернет - библиотека Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду "Аԥсуара ашьаҭақәа"
Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду Аԥсуара ашьаҭақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Никәала Ҳашыг ипублицистикатә шәҟәы ду "Аԥсуара ашьаҭақәа"
Иахьа дарбан аԥсуа ԥхьаҩызаалакгьы, хымԥада идыруазароуп ашәҟәыҩҩы хатәра инысымҩа, уи даара ицәгьаз аамҭа данҭагылазгьы иажәа дшамеижьоз, ииҳәоз шҳәаз, ииуаз шуз, идыруазароуп уи иԥсҭазаара зегьы зқәиҵаз ишәҟәқәа ирну, дахьиз, даниз, иарбан усҳәарҭақәоу аус ахьиуаз, данамырхыз, дзамырхыз, аха иламыс цқьаны дшынхаз. Абри зегьы иааркьаҿӡаны ианыԥшуеит ашәҟәыҩҩы инысымҩа: аҧсуа шәҟәыҩҩы, апублицист, СССР ашәҟәыҩҩцәеи, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәеи Реидгылақәа рлахәыла, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, "Ахьӡ- Аҧша" аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Ҳашыг Никәала Ҷыф-иҧа диит жәабран 11 1932 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Хәаҧ ақыҭа. А. М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит 1962 шықәсазы, уи ашықәс инаркны Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа рклуб деиҳабын. 1968 шықәса инаркны ажурнал "Алашара" аредакциа алитературатә усзуҩыс. 1971шықәса инаркны – ашәҟәыҭыжьырҭа "Алашара" аредакторс. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзын Никәала Ҳашыг аус иуан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ареферент; Қырҭлитфонд Аҧсны аганахьала анапынҵа ҷыдақәа змаз. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны иҟаз асахьаркыратә литература аларҵәаразы абиуро аиҳабыс, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩс. Ажурнал "Амцабз" аҟәша аредакторс. 2010инаркны 2014 шықәсанӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс.
Никәала Ҳашыг ирҿиаратә мҩа хациркит 1950-тәи ашықәсқәа раан ажәеинраалақәа рыла. Дыҩуан аҧсышәала. Раҧхьатәи иажәеинраалақәа кьыҧхьын 1956 шықәсазы. Гәдоҭатәи араионтә газеҭ "Аколлективтә џьа" аҟны. Иажәеинраалақәа рнылеит иара убас аизга "Ашьаҟьар" аҟны. Дышнеи-шнеиуаз Н. Ҳашыг апрозахь диасуеит. Истатиақәеи иочеркқәеи, иажәабжьқәеи (ахәыҷқәа ирызкугьы), иповестқәеи, ироманқәеи, рнылон ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", аизга "Ерцахә", аочеркқәа еиуеиҧшым реизгақәа "Аамҭеи ауааи", агазеҭқәа "Аҧсны ҟаҧшь", "Аидгылара", "Республика Абхазия" уҳәа. Жәохә инрареиҳаны аҧсышәала ишәҟәқәа ҭыҵхьеит. 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа нахыс Никәала. Ҳашыг иҩуеит Аҧсны ауаажәларра-политикатәи акультуратәи ҭагылазаашьа иазку апублицистикатә статиақәа жәпакы, иара убас аибашьреи егьырҭ азҵаарақәа дырзааҭгылон.
© Foto / из архива семьи ХашигЕицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг
Николай Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг
("Аҽалагаларада… СССР жәлар рдепутатцәа аҩбатәи реизара ду аҟны М. Мгелаӡе иқәгылара иазкны", "Едуард Шеварднаӡе: аиҭаира мамзаргьы аиҭарҿыцра", "Уроки памяти, "Аҳәынқарра ҿыци ажәлар рпроблемақәеи" уҳәа егьырҭгьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит А. П. Чехов иажәабжь "Ахәмарра", Г. Д. Гәлиа иажәабжьқәа "Аҩны аҧшәмаҧҳәыс", "Адилижанс", ачерқес шәҟәыҩҩы А. Н. Охтов ("Џьигиҭ"), аҟабарда шәҟәыҩҩы Б.Б. Мазихов ("Аџь-ҵла"), адыга шәҟәыҩҩы П. К. Кошубаев ("Билимготоваа рарбаӷь") уҳәа ражәабжьқәа.
Ашәҟәыҩҩы игәы иҵхон амилаҭтә-етикатә традициақәеи Аҧсуареи рлахьынҵа, урҭ аныҧшит ишәҟәы "Аҧсуара" (аҩынтәраан –ихарҭәааны аҭыжьра – "Аҧсуара ашьаҭақәа"). Аҭыжьымҭақәа: аҧсышәала: "Ашьха рҩашқәа ахьеилало", "Иҿымшәаз ашәҭ", "Аповести ажәабжьқәеи", "Абду Ажьгьери", уҳәа ирацәаӡоуп ашәҟәыҩҩ инапы иҵихыз аҩымҭақәа.
© Foto / из личного архива семьи Хашиг Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг имоҭацәа рыгәҭа
Николай Хашиг в кругу семьи - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Никәала Ҳашыг имоҭацәа рыгәҭа
Еицырдыруаз аԥсуа шәҟәыҩҩ Никәала Ҳашыг иԥсҭазаара далҵит лаҵара 23 2014 шықәсазы.
Ирҳәоит ашәҟәыҩҩы ажәлар дрыламысуп ҳәа! Убри ажәа даара инаалон ҳәа сгәы иаанагоит Никәала Ҳашыг. Уи данҩыҵшәа инаркны ԥсыцқьала ижәлар рымаҵ иуан, иааиҩуаз зегьы аԥсуареи, аламыси, ҳаԥсуа традициақәеи, ҳқьабызқәеи рныҟәгара, реиламгара, рымҩаԥгара, ҳҿар рылааӡара иазкын. Сара агәра згоит, ашәҟәыҩҩы ишәҟәқәа акырӡа шықәса рышьҭахь игыларан иҟоу ҳҿар иаашьҭырхыргьы, иаԥсуа шәҟәқәаны ишынхо!.. Урҭ раԥсуара "еиларгаӡом", аамҭа иазырхәашьӡом, ашьанҵеиԥш, ак узрылмыршәо еилаҭәахаа иҟазаауеит!
Ажәабжьқәа зегьы
0