ЖәАЕ иаиааиз аҵаақәшьқьрааҩцәа ркомандақәа аԥхьахә рыҭараз аусмҩаԥгатә мап ацәнакит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада-2022. Фигурное катание. Командный турнир
Олимпиада-2022. Фигурное катание. Командный турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҵаақәшьқьрааразы адунеи акомандатә чемпионат аҟны Урыстәыла раԥхьаӡакәны аиааира агеит жәабран 7 рзы Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы.
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы (ЖәАЕ) аҵаақәшьқьрыҩцәа ркомандатә турнир аҟны аиааира згаз аԥхьахә рыҭара ацеремониа мап ацәнакит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Уи адагьы Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы аӡбара аднакылеит ари ацеремониа мҩаԥнамгарц урыстәылатәи аспортсменка Камила Валиева аҳәса рыбжьара зхала иқәгыло рҿы аԥыжәара лоур.
Уаанӡа Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭа (СAS) Валиева азин лнаҭеит Аолимпиадаҿ лхала аҵаа дықәшьқьрааразы. Арелиз аҿы ҷыдала иарбан акомандатә еицлабрақәа рызҵаарақәа макьана ирыхәаԥшым ҳәа.
Уаанӡа Валиева урыстәылатәи акоманда далахәны аолимпиатә чемпионка ҳәа ахьӡ аиура лҽаԥсалтәит, аха иахьанӡагьы аҳамҭаҭаратә церемониа мҩаԥгам.
Олимпиада-2022. Фигурное катание. Женщины. Тренировки - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Аҵаақәшьқьрааҩ Валиева Пекинтәи аолимпиадаҿ хаҭалатәи атурнир ахь днашьҭхоит
Жәларбжьаратәи атестҟаҵартә маҵзура (ITA) ахәаша аҳәамҭа ҟанаҵеит, Валиева 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза 25 рзы иалҭаз адопинг-тест агәаҭарақәа рҿы триметазидин апрепарат шлылаз шышьақәырӷәӷәоу. Стокгольмтәи адопингҿагыларазы алабораториа Валиева лтест аҭакқәа лырҭеит жәабран 8 рзы. Урыстәылатәи адопингҿагыларатә маҵзура ақәҵара аднакылеит Валиева аамҭала лынаскьагаразы, аха апеллиациа ашьҭахь жәабран 9 рзы лара дырхынҳәуп. Ари ашьҭахь Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы, WADA, ISU Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭахь азыҳәақәа нарышьҭит ари иаҿагыланы. Аӡбарҭа ари аус азы амҽыша еилатәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0