Захарова: ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Америкеи НАТОи рахь Урыстәылатәи аҭак хиоуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТелеканал RT DE на немецком начинает вещание
Телеканал RT DE  на немецком начинает вещание - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аган ирыднагалаз ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рганахьала Урыстәылеи Мраҭашәареи рыбжьара аиҿцәажәарақәа мызкы инацны имҩаԥысуеит.
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Америкеи НАТОи рахь Урыстәылатәи аҭак хиоуп уҳәар ауеит ҳәа лҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа аминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова "Соловьев Live" аефир аҿы.

"Ҳара ҳҭак хиоуп уҳәар ауеит. Избанзар ҳара уажәы зҭак ҟаҳҵо азҵаара, аҭак ҟалома, ианбаҟало. Иацы адәныҟаполитикатәии атәылахьчаратәии аусбарҭақәа рхадацәа Урыстәыла ахада иарҳәеит аҭак ахыркәшарахь ишнеиуа", - лҳәеит Захарова.

Уи аԥхьа ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы Мраҭашәара иҟанаҵаз аҭак Урыстәыла 10 даҟьак иҟоу азхьаԥшра анаҭеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟтәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи реиԥылараан.
Здание министерства иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы Мраҭашәаратәи аҭак Урыстәыла 10 даҟьак иҟоу ахҳәаа анаҭеит
Ииасыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы Москва аилазаара уаанӡатәи асовет тәылақәа арратә усеицура иаҟәыҵырц, дара рҵакырақәа рҿы арратә базақәа раԥҵара мап ацәыркырц, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә хархәагақәа дмыргылаларц, Европантәи Америкатәи аиадертә бџьар ықәыргарц, НАТО мрагыларахь аҽшамырҭбаауазы ахәдықәҵара аиурц, Қырҭтәылеи Украинеи алианс иалагаламхарц азы адҵа ҟанаҵоит алианс аганахь ала. Европатәи аконтинент аҿы ашәарҭадаразы Урыстәыла Аҩада Атлантикатәи алианс иаднагалаз ажәалагалақәа ирыҵанакуеит, иара убасгьы 1997 шықәса рышьҭахь аилазаара иалалаз Румыниеи Болгариеи рҟынтә ар ықәнагарц, уи аамҭазтәи апозициа иазыхынҳәырц. Ажьырныҳәа анҵәамҭаз ЕАА-и НАТО-и Москва иазаарышьҭит арҭ ажәалагалақәа рҩыратә ҭак.
Ажәабжьқәа зегьы
0