Ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы Мраҭашәаратәи аҭак Урыстәыла 10 даҟьак иҟоу ахҳәаа анаҭеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание министерства иностранных дел России
Здание министерства иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аган ирыднагалаз ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рганахьала Урыстәылеи Мраҭашәареи рыбжьара аиҿцәажәарақәа мызкы инацны имҩаԥысуеит.
АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik. Ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы Мраҭашәара иҟанаҵаз аҭак Урыстәыла 10 даҟьак иҟоу азхьаԥшра анаҭеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟтәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи реиԥылараан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Лавров ахада изеиҭеиҳәеит Урыстәыла ААРи егьырҭ аусбарҭақәеи Вашингтони Бриуссельи рҭак шҭырҵааз. Азҵаара хадақәа: НАТО аҽамырҭбаара, ажәыларатә бџьар Европа ақәмыргылара, Европа арра-политикатә еиҿкаара 1997 шықәсазтәи аҭагылазаашьа азыхынҳәра – Мраҭашәара мап рыцәнакит.
Россия Путин Инвестиционный форум ВТБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Путин: ЕАА-и НАТО-и ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа азинтә ҟазшьа рыманы иҟарҵарц алыршатәуп
Лавров игәаанагарала аиҿцәажәарақәа ҵыхәаԥҵәарада рымҩаԥгара залшом, аха уажәазы еиԥырҟьатәым.

"Ҳаргьы, шәаргьы, егьырҭ Урыстәыла ахаҭарнакцәагьы изныкымкәа иаҳҳәахьеит зыӡбра хымԥадатәиу азҵаарақәа иааҟәымҵӡакәа рылацәажәара залшом ҳәа. Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабык ихьӡала исҳәоит аҭагылазаашьа еснагь иҟоуп ҳәа", - иҳәеит Лавров.

Асабша Путини Баидени ҭелла еицәажәеит. Уи аӡбахә ала Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушаков ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәыла хара имгакәа ашәарҭадара ахәдықәҵаразы аҭак ЕАА-и НАТО-и ирнаҭоит ҳәа.
Министр иностранных дел РФ Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2022
Лавров иҳәеит ашәарҭадараз аҭакԥхықәра аилагара шахәҭам
Ииасыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы Москва аилазаара уаанӡатәи асовет тәылақәа арратә усеицура иаҟәыҵырц, дара рҵакырақәа рҿы арратә базақәа раԥҵара мап ацәыркырц, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә хархәагақәа дмыргылаларц, Европантәи Америкатәи аиадертә бџьар ықәыргарц, НАТО мрагыларахь аҽшамырҭбаауазы ахәдықәҵара аиурц, Қырҭтәылеи Украинеи алианс иалагаламхарц азы адҵа ҟанаҵоит алианс аганахь ала. Европатәи аконтинент аҿы ашәарҭадаразы Урыстәыла Аҩада Атлантикатәи алианс иаднагалаз ажәалагалақәа ирыҵанакуеит, иара убасгьы 1997 шықәса рышьҭахь аилазаара иалалаз Румыниеи Болгариеи рҟынтә ар ықәнагарц, уи аамҭазтәи апозициа иазыхынҳәырц. Ажьырныҳәа анҵәамҭаз ЕАА-и НАТО-и Москва иазаарышьҭит арҭ ажәалагалақәа рҩыратә ҭак.
Виды Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Кремль аҿы еиҭарҳәеит Путини Баидени ҭелла еибырҳәаз атәы
Ажәабжьқәа зегьы
0