Урыстәылатәи атуроператорцәа аԥхынтәи аԥсшьараз иззыԥштәу рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Анапаҵаҩра
Апандемиеи аҳәаақәа раркреи ирхырҟьаны 2020, 2021 шықәсқәа рзы Урыстәыла аҩнуҵҟа аԥсшьара зҭаххаз рацәаҩхеит. Сынтәа аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит аҳәаақәа ахьаартуи аҩныҵҟатә хырхарҭақәа рыхәԥсақәа ахьышьҭыҵызи азы.
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Урыстәылатәи атуроператорцәа аԥхынтәи асезон аан атәыла аҩнуҵҟа аԥсшьараз аҭахрақәа еиҵахоит ҳәа иазыԥшуп ҳәа аанацҳауеит РБК.

"2022 шықәсазтәи ҳбизнес-ауснагӡатә 7% аҭаххарақәа лаҟәеит ҳәа азгәанаҭоит, убри аан 2021 шықәсазтәи афеида аанхоит ахәқәа иахьрыцлаз азы". - ҳәа иҳәоит атуроператор "Дельфин" адиректор Сергеи Ромашкин.

Аҩнуҵҟатәи акурорт хыбрақәа рҿы заанаҵы рҿаҵарала 40-50% ишҭәхьоугьы ииасыз ашықәс иаҿырԥшны арбагақәа лаҟәуп.
Аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа ахәԥсақәа иразҵаауеит. аха ахәшәара мҩаԥыргом избанзар иззыԥшыша рыздырам. Урыстәылатәи акурортқәа ирындаҭлоит Ҭырқәтәыла, Кипр, Египет, Бырзентәыла.
Атәыла аҩнуҵҟа аԥсшьараз аԥыжәара рымоуп Амшын еиқәа аԥшаҳәатә курортқәа.
Гагра с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.01.2022
Аԥсны
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа уажәнатә Гагра аԥхын аԥсшьараз аҭыԥқәа ааныркыло иалагахьеит
Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа (АТОР) адыррала аҭаххарақәа ирыҵаркыр ҟалоит Калинингради Алтаитәи атәылаҿацәи иара убасгьы, Сахалин, Камчатка, Баикал.
Ииасыз ашықәс азы атуроператор Anex Tour атоп иаҵанакит Аԥсны, урыстәылаҩныҵҟатә хырхарҭаны иҟам аха акыр иазааигәоу.
Сынтәа Шәача ашьҭахь Петербурги Калинингради аҭаххарақәа рымоуп..
Заанаҵтәи аҿаҵарақәа рыхәқәа ракәзар аԥхынраз иҟало аасҭа 20% еиҵоуп.
Санатории Краснодарского края готовы принять отдыхающих - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2022
Аԥсны
Еиқәыԥхьаӡоуп афатә хааны иҟазҵо аԥснытәи асасааирҭақәа
Атурқәеи анхарҭа ҭыԥқәеи рыхәԥсақәа ҵыԥхтәи ахәԥсақәа ирҿырԥшны 10-20% ихалахьеит. Атуроператор "Алеан" урыстәылатәи акурортқәа рыхәԥсақәа 10% ихалеит, Аԥсны - 15-20%.
Ахәԥсақәа рхалара зыхҟьо афатә-ажәтә, акоммуналтә маҵзурақәа, аусуҩцәа рулафахәы ацҵара.
Аҳәаақәа раартра анырра шыҟанаҵогьы аиҭакрақәа рыхәшьара алшоит ааԥын агәазы. Усҟан еиҳа еилкаахоит урыстәылаа рзы иаартхо атәылақәеи ирыдҟаҵалахо аҭаххарақәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0