Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡбарҭа Аҟәа амитинг иалахәыз рыҩнытә баандаҩра аҿҳәарақәа ирыцнаҵеит

© Sputnik / Томас тхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа ааба рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит аҳҭнықалақь аҿы ауаа рацәа злахәыз аилаҩынтрақәа ирылахәын ҳәа агәҩара зызрымаз хәҩык атәылауаа.
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Рамаз Џьопуа, Баграт Сурмаа, Баграт Ҵәыџьба рыҩнытә баандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Рамаз Џьопуа иҩнытә баандаҩра аҿҳәара иацҵоуп даҽа мызкы, иааидкыланы ҩымзи 14 мши, даҽакала иуҳәозар, хәажәкыра 22 2022 шықәса рҟынӡа.
Рамаз Џьопуа хәажәкыра 12 2022 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа раан адепутатразы акандидат иаҳасабала аԥшьгаратә гәыԥ дықәнаргылеит.
На аукционе Анимация. Кино. Книги. Архивы. Графика, Редкие документы в Москве. Каталог включает более 500 лотов в 14 разделах - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
Аԥсны
Аҩнытә баандаҩра зықәҵоу Рамаз Џьопуа аӡбарҭа аԥкрақәа жәпакы ихнахит
Баграт Сурмаа иҩнытә баандаҩра аҿҳәара иацҵоуп даҽа мызкы, иааидкыланы ҩымзи 14 мши, даҽакала иуҳәозар, хәажәкыра 22 2022 шықәса рҟынӡа.
Уи адагьы аӡбарҭа Сурмаа азин инаҭеит ашәахьа инаркны ахәашанӡа асааҭ 08:30 инаркны 10:00 рҟынӡа Аҟәа Ҭраԥшь, 48 аҿы иҟоу иҩны адәылҵра.
Баграт Ҵәыџьба иҩнытә баандаҩра аҿҳәара иацҵоуп даҽа мызкы, иааидкыланы ҩымзи 14 мши, даҽакала иуҳәозар, хәажәкыра 22 2022 шықәса рҟынӡа.
Ақәҵарақәа ирхашшаарц рылшоит хымш рыҩнуҵҟа Ашьаусқәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиахь.
Зыӡбахә ҳәоу ауаа акгьы рхараӡам ҳәа иԥхьаӡоуп дара рхара шьақәзыргылаз аусӡбарҭа аӡбамҭа азакәан мчы аиуаанӡа.
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Аԥсны
Аслан Ҭаниа иаанкылашьа аԥсахит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0