Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Ҭаниа иаанкылашьа аԥсахит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский Городской суд
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа жәабран 9 рзы Аслан Ҭаниа аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит мызки 13 мши ҳәа - хәажәкыра 22 2022 шықәса рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Аслан Ҭаниа ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг далахәын ҳәа ахара идырҵоит.
Уаанӡа Аҟәатәи аӡбарҭа Аслан Ҭаниа дшыбаандаҩыц дааннажьхьан жәабран 22 рҟынӡа.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара аганқәа ахашшаар рылшоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь хымш рыҩнуҵҟа.
Аслан Ҭаниа акгьы ихараӡам ҳәа дыԥхьаӡоуп иара ихара шьақәзыргылаз аусӡбарҭа аӡбамҭа азакәан мчы аиуаанӡа.
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Аԥсны
Анрик Инаԥшьба иаанкылашьа аԥсахит Аҟәатәи аӡбарҭа
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0