Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ аҿы Аԥсны Апарламент адепутатрахь даҽа 10-ҩык акандидатцәа ҭарҩит

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы, алхыҩцәа абжьыҭара рылшоит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа рыҟны.
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ашәахьа иҭарҩит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутрахь акандидатцәа даҽа 10-ҩык.
АКХ инаргаз адокументқәа анҭырҵаа ашьҭахь, иҭарҩит анаҩстәи акандидатцәа:
Аҩӡба Беслан Иван-иԥа - 2-тәи алхратә ҭыԥ хада (Аҳабла ҿыц),
Зыхәба Лаша Анатоли-иԥа - 7-тәи алхратә ҭыԥ хада (Абиблиотека),
Карҷаа Беслан Гьаргь-иԥа - 7-тәи алхратә ҭыԥ хада (Абиблиотека),
Бганба Анетта Сергеи-иԥҳа - 8-тәи алхратә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи),
Гьезердаа Саид Игор-иԥа - 9-тәи алхратә ҭыԥ хада (Мрагыларатәи),
Абыџба Ахра Хьырбеи-иԥа - 12-тәи алхратә ҭыԥ хада (Гагратәи),
Смыр Ахра Виктор-иԥа - 22-тәи алхратә ҭыԥ хада (Ешыратәи),
Лагәлаа Асҭамыр Омар-иԥа - 28-тәи алхратә ҭыԥ хада (Гәыԥтәи),
Ӷорзолиа Дамир Иван-иԥа - 33-тәи алхратә ҭыԥ хада (Тҟәарчал актәи),
Кьышьмариа Анас Руслан-иԥҳа - 35-тәи -алхратә ҭыԥ хада (Галтәи).
Уажәаԥхьа АКХ аҟны иҭаҩын 109-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа.
Зынӡа иҭаҩын аԥшьгаратә гәыԥқәа 118-и 15-ҩык акандидатцәа ықәзыргылаз аполитикатә партиақәа хәбеи. Урҭ зегьы жәбар шәылшоит абра.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Абыжьбатәи Апарламент ҿыц иааиуа хәышықәса ареспублика азакәанԥҵаратә политика шьақәныргылоит.
Абжьыҭаразы азин имоуп абжьыҭара амш аҽнынӡа 18 шықәса зхыҵхьоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩы.
Жәлар Реизарахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы атәыла абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 20 миллион мааҭ.
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизара алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа 30-ҩык ааԥхьара рымоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0