Урыстәыла ААР ашәарҭадара ахәдықәҵараз Москва иҟанаҵаз аҭак акьыԥхьит

© Sputnik / Мария ДевахинаЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс анҵәамҭазы Москвеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьа аицәахареи Украинатәи аҭагылазаашьеи инарымаданы Москва Бриуссельи Вашингтони ашәарҭадара ахәдықәҵаразы адокументқәа рыпроектқәа рзынанашьҭит.
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Москва Урыстәыла иҟоу ЕАА ацҳаражәҳәаҩ Џьон Салливан инардырит ашәарҭадара ахәдықәҵаразы рҭак ирызцәырнагаз анырра ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААР.
"Америкатәи аган урыстәылатәи аган иазнархиаз ашәарҭадара ахәдықәҵаразы аиқәшаҳаҭра апроект иахәҭаз аҭак шыҟанамҵаз азгәаҳҭоит", - ҳәа аҳәоит ААР аҳәамҭаҿы.
Иазгәаҭоуп арахь ишаҵанакуа НАТО аҽырҭбаара мап ацәкра, "бухаресттәи аформула" мап ацәкра, алианс иалахәым уаанӡа СССР иалахәыз аҳәынҭқаррақәа рҵакыраҿы арратә базақәа мап рыцәкра, Урыстәыла-НАТО рышәҟәынҵа хада анапы анаҵаҩыз, 1997 шықәсазы НАТО аинфраструктуратә ҭагылазаашьа мап ацәкра.
Здание министерства иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы Мраҭашәаратәи аҭак Урыстәыла 10 даҟьак иҟоу ахҳәаа анаҭеит
"Ашәарҭадара ахәдықәҵаразы узвамлаша, азиншьаҭа змоу адокумент анапаҵаҩра Америкеи урҭ рыдгылаҩцәеи аназыхиам аамҭазы Урыстәыла ахыхьчара аанарԥшыроуп арра-техникатә ҟазшьа ауснагӡатәқәа рынагӡара алагьы", - ҳәа аҳәоит атекст.
Адокумент аҿы иазгәаҭоуп дарбанзаалак аӡәгьы Украина дшажәымло, дажәларангьы дшыҟам.
ААР иазгәанаҭеит урыстәылатәи ахыдҵақәа Будапешттәи амеморандум (1994ш) аганахь ала Украина аҩнуҵҟатәи аимак акала ишаҵанамкуа, аҳәынҭқарра аҵакыра ахәҭак аӡра аҩнуҵҟатә процессқәа ишрыхҟьаз. Адокумент атекст аҿы иазгәаҭоуп аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы Киев Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа нанагӡароуп, Мраҭашәарагьы атәыла бџьарлеи аинструкторцәа рылеи еиқәнамыршәалароуп ҳәа.
"Ашәарҭара цәырнагоит ЕААи НАТОи Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара активла рхымҩаԥгара, Урыстәыла ахыхьчараз аинтересқәа лахь ахьрырҭо", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Адокумент аҿы инаҵшьны иазгәаҭоуп урыстәылатәи аҵакыра арегионқәак рҿынтә ар ралгараз адҵаҟаҵара дкылашьа шамам.
ЕАА Аҳәынҭдепартамент аҿы РИА Новости адырра арҭеит Урыстәыла ашәҟәы шроуз ашәарҭадараз аиҿцәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Виды Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Кремль аҿы еиҭарҳәеит Путини Баидени ҭелла еибырҳәаз атәы
Ажәабжьқәа зегьы
0