Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рахь агероин рацәа мҩанызгоз аанкылоуп

© Sputnik / Владислав Сергиенко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШеврон на форме пограничника на пункте пропуска "Джанкой" на границе России и Украины.
Шеврон на форме пограничника на пункте пропуска Джанкой на границе России и Украины. - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла иааныркылеит агероин рацәаны имҩанызгоз.
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Урыстәыла ААР-и Урыстәыла АшәМ-и Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рахь агероин мҩанызгоз аанкылоуп. Ацәгьоура иалахәыз 19-ҩык ирымхуп 185 миллион мааҭ рыхә арҩашьыгатә маҭәашьарқәа ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ААР аминистр Владимир Колокольцев.
2021 шықәса хәажәкырамзазы Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иаанкылан акуриерцәа рнапынҵақәа назыгӡоз фҩык. Уи адагьы Урыстәылантәи Аԥсныҟа агероин мҩанызгозгьы аанкылоуп.

"Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи ҳареи Москватәи арегион, Краснодартәи атәылаҿацә, Саратовтәи Челиабинсктәи аобластқәа рахь агероин зланеиуаз аҭыԥқәа аҳаркит. Иаанкылан ацәгьоуратә гәыԥ алахәылацәа 19-ҩык. Ихацыркын 50 шьаус", - ҳәа еиҭеиҳәеит Колокольцев инарҭбаау аколлегиаҿ.

Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи анаркогәыԥ, Азиа агәаҟынтә агероин арахь иаазгоз азинмчратә усзуҩцәа рылаԥш иҵашәеит ииасыз ашықәс азы. Аоперативтә дыррақәа рыла Москвантәи атәыла арегионқәа руак ахь амҩа иқәлеит ҩыџьа анаркокуриерцәа, урҭ ирышьклаԥшуан. Ашьҭаҵарҭақәа рҟынтәи 3,5 кьыла агероин аарԥшын.
Краснодартәи атәылаҿацә алаларҭаҿы иаанкылаз атакси, абензин ахьҭарҭәо аҭыԥ аҿы аҵәахырҭа ҭаҟаҵан. Иҭыган 4,3 кьылак агероин, апластик иалхыз аԥаҭлыка иҭаз. Анаркотикқәа аҭрақәа ирҭаҵаны аҵәахырҭа маӡақәа рҿы ашьҭаҵара иазырхиан. Анаркокуриерцәа аанкылан.
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Аԥсны
"Жекеи" "Ҭамареи": Аԥсныҟа анаркотик аазышьҭуаз аканал аусура еиԥырҟьоуп
Анаҩс Ҟәбан иахьаҵанакуаз иаанкылан аҽа ҩыџьа акриминалтә еиҿкаара ахадацәеи хәҩык алахәылацәеи. Ирымхын быжь-кьылак агероин.
Москватәи арегион аҿы иаарԥшын аҵәахырҭақәа, имҩаԥган аԥшаарақәа. Серпухово автомашьына арҽеиратә цех аҿы иаарԥшын 12,3 кьыла агероин зҭаз амашьынақәа ҩба. Иаанкылан агәыԥ даҽа напхгаҩыки алахәылацәа ҩыџьеи.
Москва алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы аоперативникцәа рылаԥш иҵашәеит автомашьына. Уи ашьклаԥшраан ишьақәыргылан аидараҭаҵарҭа аҟынтәи "атауар" шҭыргоз.
Аидараҭаҵарҭа аҟынтәи иҭыган 7,2 кьылак агероин.
"Абас ала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны ацәгьоуратә еилазаара аарԥшын. Иара иалахәын Азиа агәантәи аҳәынҭқаррақәа ртәылауаагьы. Ирымхыз 31 кьыла агероин ахәԥса 185 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит", – иҳәеит Колокольцев.
Уажәазы дара ырбаандаҩуп. Ишьақәыргылоуп 2020 шықәса мшаԥымза инаркны 2021 шықәса мшаԥымзанӡа агәыԥ алахәылацәа 49 цәгьоура шымҩаԥыргаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0