Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Жекеи" "Ҭамареи": Аԥсныҟа анаркотик аазышьҭуаз аканал аусура еиԥырҟьоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Машины милиции Абхазии
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2022
Анапаҵаҩра
Азинхьчаҩцәа зусура еиԥдырҟьаз анаркотикатә канал хьыӡшьарас иаман "Жекеи" "Ҭамареи".
АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра (ААР) ишьақәнаргылеит Аԥсныҟа мҽхакы ҭбаала анаркотикатә маҭәашьарқәа аазышьҭуеи ара изҭиуеи ацәгьоуцәа ргәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит ззин ыҟам амаҭәашьарқәа алазырҵәоз Белоруссиа атәылауаҩ Светлана Андрукевич.
Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа еиҭеиҳәеит Андрукевич Аԥсныҟа даанӡагьы аоперативтә информациа шроухьаз Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа мҽхакы ҭбаала иаларгалараны иҟоуп ҳәа.
Иара иазгәеиҭеит ари анаркотикатә канал хьыӡшьарас ишамаз "Жекеи" "Ҭамареи".
"Аоператив-шьаусԥшааратә усмаԥгатәқәа рынагӡараа еилкаахеит анаркоканал аԥызҵази аусура еиҿызкаауеи дазусҭоу, иара шықәсқәак раахыс Урыстәылатәи Афедерациаҿы дыҟоуп, уантәи ари абизнес напхгара аиҭоит", - иҳәеит Ԥачалиа.
Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, Андрукевич Урыстәыла дыҟанаҵ даҽа ҩыџьа ауааи лареи еилацәажәан, Аԥсныҟа изакәанымкәа анаркотикқәа рацәаны раагашьа аплан шьақәдыргылеит.
Заанаҵ ирцымоу адыррақәа рыла, ари ацәгьоуратә гәыԥ иалахәыз руаӡәк дазусҭоу шьақәыргылоуп - Аԥсны аьзылауаҩ Џьевриди Аҩӡба, уажәы иара Москва дынхоит, егьи ихьӡ ашьаусԥшаара иаԥырхагамхарц азы ихьӡ макьана идырзом.
Андрукевич илырҭаз агеолокациа акоординатқәа лхы иархәаны Афон ҿыц илыԥшааит аҭиразы еиқәыршәаны ишьҭаз 108 грамм инареиҳаны анаркотикатә маҭәашьар. Уи еихшаны аҭыԥ маӡақәа рҿы иҵәахны иаанлыжьит, иахьаанлыжьыз аҭыԥ ахьыкәу аус лыцызуаз ацәгьоуҩы иҭыхны изылшьҭит.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2022
Аԥсны
Аҟәа иаанкылоуп анаркотикқәа хәыҵазҵоз х-ҩык ауаа
Азинхьчаҩцәа, аԥҳәыс хаҭала дангәарҭоз, илыдырбалеит аҭира иазырхиаз анаркотикқәа згәылаз аилаҳәара хәыҷқәа - урҭ рзеиԥш капан 90-и бжаки грамм иҟан. Иаанхаз анаркотик Афон ҿыц дахьаангылаз асасааирҭаҿы иҵәахны илыман уигьы анаҩс илҭиирц азы.
Иара убас аоперативтә усзуҩцәа аус зымуа Афонҿыцтәи аихамҩатә вокзал аҿи ақалақь агәаны Арӡынба имҩаҿи иаадырԥшит уаанӡа лара имаӡоу аҭыԥқәа рҿы ишьҭалҵаз анаркотик еилаҳәарақәа ҩба. Урҭ иргәылан 3.518 грамм анаркотик.
Андрукевич лганахьала ашьаус хацыркын, уи Апрокуратура хада иақәшаҳаҭханы иҟоуп, аусӡбарҭахьгьы инашьҭуп. Уажәазы Аҩӡба иԥшаара рылаҳәоуп, ахԥатәи ацәгьоуҩгьы Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа рзы ахара идырҵоит.
Милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР Гал иааныркылеит анаркотикатә матәашьар здырбалаз
Ажәабжьқәа зегьы
0