Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсҭазаара мариам": ҳџьынџьуаҩ Џьевдеҭ Озган инысымҩа

© Foto / Џьевдеҭ ОзганЏьевдеҭ Озган
Џьевдеҭ Озган - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҟны иӡбахә ҳзеиҭалҳәоит 1950-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аладеи Аҩадеи Кореиа рыбжьара имҩаԥысуаз аибашьра иалахәыз, Ҭырқәтәыла Калдахәара ақыҭан инхо хџьынџьуаҩ Џьевдеҭ Шьаақыр-иԥа Озган.
Ҭоурыхла ибзианы иаадыруеит, амҳаџьырра аамҭақәа раан атәым дгьыл ахь иқәнагалаз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа раԥхьаҟа ауадаҩрақәа рацәаӡаны ишрыниаз. Османтәи аимпериа ахыбгалареи Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирылаӡыз аԥсуаа маҷҩым. Уи ашьҭахь еиҵагылаз абиԥарагьы арратә уалԥшьақәа рынагӡараан иҭахози хабарда ибжьаӡуази ҟалеит. Ари анҵамҭаҟны иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп 1950-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аладеи Аҩадеи Кореиа рыбжьара имҩаԥысуаз аибашьра иалахәыз, Ҭырқәтәыла Калдахәара ақыҭан инхо хџьынџьуаҩ Џьевдеҭ Шьаақыр-иԥа Озган.
Аԥсны аамҭа-аамҭала аҟазаареи аҟамзаареи иҭадыргылон адәныҟатәи аӷацәа. Амҳаџьырра атәы уҳәозар, усҟан ҳажәлар рыбжеиҳараҩык рхәышҭаарақәа ирхыганы мчыла атәым дгьылқәа рахь ихдырҵәеит, зықьҩыла Ҭырқәтәылаҟа иқәыргеит. Иахьатәи сфырхаҵа Џьевдеҭ Озган иҭаацәаратә ҭоурых нагӡаны игәалашәом иқәра ду иахырҟьаны, иара 93 шықәса дырҭагылоуп, аха ихшыҩ еизганы илиршеит жәабжьқәак реиҭаҳәара.
© Foto / Џьевдеҭ ОзганЏьевдеҭ Озган иԥеиҳаби иареи
Џьевдеҭ Озган - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Џьевдеҭ Озган иԥеиҳаби иареи
Аԥсны ахҵәара ду аныҟала, Џьевдеҭ иабду Баҭ Ҭырқәтәылаҟа дықәымҵыр амуит. Уаҟа Решьыҭбеи ҳәа иҟаз қыҭаҟ аҟны дынхеит. Шықәсқәак рышьҭахь аҭаацәара далалоит, динасыԥхоит Шьазина захьӡыз ԥсыуа ԥхәызбак, аха лыжәла абырг иҿаҿы имааиӡеит. Адгьыл иқәаарыхуа, аԥстәи аԥсаатәи ааӡо мацара ирхылҵыз ԥшьҩык ахшара ршьапы иқәдыргылеит. Озганаа рҭаацәараҿы хҩык аишьцәа Шьаақыри, Шьрыфи, Қьамили раҳәшьазаҵә Наџьиеи ыҟан. Дара рани раби рыдунеи анырԥсах, ишахәҭаз еиԥш аҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаганы, Калдахәара ҳәа аԥсуаа ишьақәдыргылахьаз ақыҭахь нхара ииасит. Аишьцәа аамҭак ашьҭахь еиҿыҵит, иҭаацәарахеит. Аиаҳәшьа Гәынаа дырҭацахеит.
"Аишьцәа рахьтә сара саб Шьаақыр иоуп. Шьрыф захьӡыз аррамаҵураҟынтәи данаа, игәы цәгьахан, дышқәыԥшыз иԥсҭазаара далҵит. Сан д-Арындԥҳан, Меқседе ҳәа ларҳәон, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Цхьынара датәын. Аҭаацәараҟны ҩыџьа аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи иҳазҳаит", - иҳәоит Џьевдеҭ Озган.
Абырг иажәақәа рыла, усҟантәи аамҭазы ахныҟәгара даара иуадаҩын, убри аҟнытә ахацәа махәҿыла аус руан, адгьыл иқәаарыхуан, анхамҩа ныҟәыргон.
Џьевдеҭ аррамаҵурахьы иԥхьаанӡа аҩны аргылара даҿын. Иара иҭахын наҟ-наҟ аҭаацәара ду аԥҵара.
"Аррахь иансыԥхьа аламҭалазы Аладеи Аҩадеи Кореиа реибашьра иалагеит. Сара қыҭа ҷкәынак, амхы ақәаарыхра ада ззымдыруаз, уи иацыз ашәарҭара иаразнак схахьы имааиӡеит. Ҳара ҳгәыԥ Алада Кореиа ҳрыдгыланы ҳаибашьуан. Аидысларақәа руак аан ахәрагьы соуит, убасҟан еилыскааит сыԥсҭазаара ҿахҵәар шалшоз, уаҳа сани, саби, сашьеи, саҳәшьцәеи зымбар шауаз. Анцәа имчала агоспиталь аҟны сеиқәдырхеит", - игәалашәоит ҳџьынџьуаҩ.
Џьевдеҭ шықәсык ашьаарҵәыра далагылан. Анаҩс игәабзиара иахырҟьаны аҩныҟа дрышьҭит. Аладеи Аҩадеи Кореи реибашьра анынҵәа, есышықәса аветеран аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа изаарышьҭуан Алада Кореиа ахьӡала, ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи.
© Foto / Џьевдеҭ ОзганЏьевдеҭ Озган
Џьевдеҭ Озган - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Џьевдеҭ Озган
"Калдахәараҟа саныхынҳә, сынхамҩа аргылара иацысҵеит. Аибашьра аамҭа ада, сқыҭа салҵны џьаргьы сымцеит. Абар уажәшьҭа 93 шықәса сырҭагылоуп", - иҳәоит иара.
Џьевдеҭ Озган наҟ-наҟ динасыԥхеит иқыҭа иатәыз аԥҳәызба Мелиҳа Жьиԥҳа. Иара игәы ишҭаз еиԥш аҭаацәара ду шьақәдыргылеит. Ԥшьҩык аԥацәеи аԥҳаи рхылҵит. Аха аӡӷаб хәыҷы 13 шықәса анылхыҵуаз ачымазара бааԥсы иахырҟьаны лыдунеи лыԥсахит. Аҷкәынцәа анцәа ишиҳәара аԥсҭазаараҟны ишьақәгылеит.
© Foto / Џьевдеҭ Озган

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
1/3

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

© Foto / Џьевдеҭ Озган

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
2/3

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

© Foto / Џьевдеҭ Озган

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны
3/3

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

1/3

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

2/3

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

3/3

Џьевдеҭ Озган иҭаацәа рыгәҭа

Џьевдеҭ иҭаацәеи иареи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаартә еиԥш изыҟамлеит. Иара уажәшьҭа иқәра цахьеит, аха иԥацәа ргәы иҭоуп Аԥсныҟа аара.

"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, Ҭырқәтәылаҟа Владислав Арӡынбеи Константин Озгани ҳарбарц иаҳзааит. Усҟан зықьҩыла аԥсуаа еизеит ҳашьцәа аԥсшәа рарҳәарц, рџьынџьдгьыл аҟынтәи салам роурц. Ҳқыҭа Калдахәара ачеиџьыка ду рзеиҿкаан, хаҭалагьы сашьа ду изы сашҭаҟны ачара зуит. Уи нахыс Константини ҳареи аимадара ӷәӷәа ҳабжьалеит", - ажәабжь еиҭеиҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

Џьевдеҭ иахь Констанин Озган ҩынтә сасра днеихьан. Лассы-лассы ҭелла еимадан.
"Константин иԥсҭазаара дшалҵыз ансаҳа, сыбжара сымнахит. Иаразаҵәык иакәын сыԥсадгьыл гәакьа иаҟәырҷаханы исымаз. Аиҳарак игәнызго, "Аԥсныҟа шәаа" ҳәа шҳаиҳәоз иажәа ахьынаҳмыгӡаз ауп. Сара сықәра цеит, уахь цашьа сымам, аха сыҷкәынцәа уахи-ҽни ирасҳәоит аамҭа ԥшааны рабдуцәа рыдгьыл иаҭааны рыуаажәлар рбарц, ҳашьа ду иҳаҭгәын рнапы нықәыршьырц, сыхьӡала салам рҳәарц", - илабжышқәа хыҳәҳәало абырг иажәа хиркәшеит.
Џьевдеҭ иахьа игәы рыладууп иԥацәа Енгьини, Биуленти, Ваҳдеҭи, Шьааҳини. Имоуп амаҭацәагьы.
Исымҳәарц залшом Озганаа анкьагьы уажәгьы ақәрақәа шнырҵо. Џьевдеҭ 93 шықәса дырҭагылоуп, иашьа Руҳи 86 шықәса ихыҵуеит. Еицииз иаҳәшьцәа рахьтә Уфеҭ лыдунеи лыԥсаххьеит, Мурвеҭ иахьагьы лыԥсы ҭоуп, 90 дырҭысхьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0