Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иира амш азы гәаларшәагас: Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе Гума - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Анапаҵаҩра
Акультура-усутә платформа "Гума" аҿы имҩаԥысыз Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа еиднакылеит заатәи иҭыхымҭақәа реизга.
АҞӘА, жәабран 21- Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба ихатәы ҭыхымҭа ҷыдақәа ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥысит акультура-усутә платформа "Гума" аҿы, жәабран 21 аҽны.
© Sputnik / Томас Тхайцук Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Ацәыргақәҵа еиднакылеит Леуарса Быҭәба заатәи иҭыхымҭақәа реизга. Урҭ рыгәҭа иҟан иара ихатәы маҭәа ҷыдақәа, иҭаацәаратә фотосахьақәа, аус здиуылоз аҳәынҭкарратә ҳамҭа "Ахьӡ- аԥша" аескизқәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе Гума - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Аҟазарҭа аплатформа "Гума" аҟны еизеит асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҟазара абзиабаҩцәа, асахьаҭыхҩы иҭаацәа, иааигәаны дыздыруаз иҩызцәа. Ацәыргақәҵа ахылаԥшҩы Шьарида Ҭыжәԥҳа лажәақәа рыла, ицәыргақәҵоуп 22 усумҭа.
"Ҳара хықәкыс иҳамоуп аҟаза ирҿиара ахәаԥшцәа дырбара, рзааигәатәра. Иара иԥсы ҭанаҵы иҳәалон ақалақь Аҟәа ныҳәак ишизаҩызаз, иԥсы еиԥш бзи ишибоз атәы. Иаҳҭахуп иҭыхымҭақәа рыла ахәаԥшцәа аныҳәатә гәалаҟазара роурц", - лҳәеит Шьарида Ҭыжәԥҳа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Еицырдыруа асахьаҭыхҩы инысымҩа кьаҿын зынӡа, аха уи аамҭа иалагӡаны илшеит инапы аҵыхра, деицырдыруа дҟазҵаз аҭыхымҭа шьахәқәа раԥҵара, ҳәа азгәеиҭеит апоет Владимир Занҭариа.
"Леуарса Быҭәба аԥсуа милаҭтә ҟазара иалыҷҷауа рҿиаратә хаҭароуп. Иара иҭыхымҭақәа даҽакы иузаларҩашьом, аԥсуа мифологиа иадҳәаланы имоуп аҭыхымҭақәа жәпакы, иара ихатәы гьама дықәныҟәон. Ибаҩхатәра ԥсра зқәым баҩхатәроуп",- иҳәеит Занҭариа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Ацәыргақәҵа иаҭааз Леуарса Быҭәба иаҳәшьа Светлана Быҭәԥҳа иазгәалҭеит, иара аԥшьбатәи акласс аҟны дантәаз иҭыхымҭа ажурнал "Амцабз" ишанылаз. Аредактортә еилазаара даараӡа иргәаԥхеит лҳәеит лара, уи ашьҭахь асалам шәҟәы рзырыҩит аредакциа иадҵааларц. Усҟан Леуарса Быҭәба заатәи ибаҩхатәра ахәшьара аҭаны, идыргалеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа дҭаларц.
"Агәалашәарақәа саԥхьа имҩасуеит, сгәы ԥшаауеит даара. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа зегьы, ҳашьа ихьыӡ акамыршәра ҳара ҳзыҳәаны акраҵанакуеит", - лҳәоит Леуарса Быҭәба иаҳәшьа Светлана Быҭәԥҳа.
Леуарса Быҭәба аҵыхәтәантәи ицәыргақәҵа мҩаԥган 2004 шықәсазы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе Гума - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Однодневная выставка художника Леварсы Бутба открылась на культурно-деловой платформе "Гума"
Асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба диит 1960 шықәса жәабран 21 азы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭҭәи асахьаҭыхратә академиа аграфика афакультет. Далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Леуарса Быҭәба хадара азиуан "Зых иақәиҭу асахьаҭыхыҩцәа реидгыла". 2001 шықәсазы Москва имҩаԥысит Шьазина Агрԥҳа еиҿылкааз ихатәы цәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа еиднакылаз аҟәрышь ачымазара бааԥсы зыхьуаз ахәыҷқәа рыцхыраараз хазы ахимиатә терапиа аԥҵаразыҳәаны иазоуижьит.
Иҭыхымҭақәа: "Ашьыжь", "Аҵыс", "Ахәылԥаз", "Европа аӷьычра", "Афродита лиира" адунеи зегьы иахыҵәеит. Урҭ ӡырган еиуеиԥшым атәылақәа рыҟны: Урыстәыла, Америка, Франциа, Германиа, Италиа,Ҭырқәтәыла, Иапониа, Швеицариа уҳәа.
Мшаԥы 28, 2004 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба идҵала Леуарса Быҭәба ианашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аҩбатәи аҩаӡара.
Леуарса Быҭәба иԥсҭазаара далҵит 2007 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0