Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Путин иҳәеит ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азхаҵара азҵаара иахьа ишыӡбахо

Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Анапаҵаҩра
Мрагыларатәи Украина аибырххарақәа цоижьҭеи уажәҭа аашықәса ҵоит, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҭагылазаашьа цәгьахеит. Донецки Лугански рхаҭарнакцәа излаарыцҳауа ала, Киев аиқәшаҳаҭрақәа еилаганы лассы-ласс ареспубликақәа ирылахысуеит, ззин ыҟам абџьар алагьы.
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара азҵаара иахьа иӡбахоит ҳәа, абри атәы аҩуеит РИА Новости.
Абри азы ахада иахь аҳәара ҟарҵахьан ДЖәР-и ЛЖәР-и рреспубликақәа рхадацәа Денис Пушилини Леонид Пасечники.
Украина еибашьрала ирықәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ЛЖәРи ДЖәРи ртәылақәа иалыргоит аҳәсеи, ахәыҷқәеи абыргцәеи. Иара убас, абџьар зкыр зылшо зегьы рҽеизыргарц адҵа ҟарҵеит, азеиԥш ҽеидкылара рыларҳәеит.
В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ДЖәРи ЛЖӘРи Путин иахь аҳәара ҟарҵеит рхьыԥшымра азхеиҵарц
Украина мрагыларатәи ахәҭаҿы аимак аашықәса ацара иаҿуп, ари аамҭа иалагӡаны, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара адыррақәа рыла иҭахеит 13 нызқьҩык ауааԥсыра, 44 нызқьҩык аахақәа роуит. Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Урҭ шьаҭас ирымоуп аконституциатә реформа, амца аанкылара, аҳәаа ихьанҭоу абџьар адгара азԥхьагәазҭо Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа.
Донбасс аибарххара еиҳагьы амца ацразҵо Еиду аштатқәеи егьырҭ НАТО атәылақәеи роуп. Урҭ Украина абџьари арратә инструкторцәеи рыла еиқәнаршәоит. Москва изныкымкәа арегион бџьарла аиқәыршәара иаҟәыҵырц ааԥхьара ҟанаҵахьеит, уи иахҟьаны Киев ар ажәыларахь анашьҭра шагәанарԥхо азгәаҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0