Украинантәи идәықәҵаз ахеиҵаҵа Ростовтәи аобласт аҳәаахьчаратә ҭыԥ иаахеит

© Foto / СК РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозбуждено уголовное дело по факту обстрела территории Ростовской области с территории Украины
Возбуждено уголовное дело по факту обстрела территории Ростовской области с территории Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Анапаҵаҩра
Аӡәгьы ԥырхага имоуит. Аҭыԥ аҿы асапиорцәа аус руеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Украинантәи идәықәҵаз ахеиҵаҵа Ростовтәи аобласт аҿтәи Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ иаахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа адыррақәа шьаҭас иганы.
"Жәабран 21 асааҭ 9:50 азы Украинантәи идәықәҵаз ахеиҵаҵа Ростовтәи аобласт аҿтәи Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә ҭыԥ иаахеит, аурыс - аукраин ҳәаа 150 метра инахыкны". - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа цәгьахеит — Киев аиқәшаҳаҭрақәа азхьаԥшра рнаҭом, аинырратә цәаҳәахьы ар аднагалоит, ахысрақәа мҩаԥнагоит, ззин ыҟам абџьар алагьы.
Иара убасгьы, ДЖәРеи ЛЖәРеи рҵакыраҿы адиверсиақәа мҩаԥгоуп. Жәабран 18 азы Донецк Жәлар рмилициа аусбарҭа аиҳабы имашьына ԥыржәеит, иара акагьы имыхьӡеит. Луганск акәзар агазмҩангагаҿы ҩ-ԥжәарак аҭыԥ рыман.
Разрушения в аэропорту города Донецка - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Донецктәи аҳаирбаӷәаза иахьаҵанакуа аԥжәара ҟалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0