Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа аибашьра Ду аветеранцәа жәабран 23 рыдырныҳәалеит

© Foto / Пресс-служба Южного военного округаВоеннослужащие российской базы с военым оркестром ЮВО поздравили на дому ветеранов Великой Отечественной войны с Днем защитника Отечества
Военнослужащие российской базы с военым оркестром ЮВО поздравили на дому ветеранов Великой Отечественной войны с Днем защитника Отечества - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа 50-ҩык.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аибашьра Ду аветеранцәа жәабран 23 рыдырныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аветеран Екатерина Синиавскаиа арратә оркестр амузыкантцәа лара лзы инарыгӡеит аибашьраамҭатәи ашәақәа - "Катиуша", "Аиааира амш". Ауснагӡатә мҩаԥган асанитар-епидемиологиатә нормақәа ирықәныҟәаны.
© Foto / Пресс-служба Южного военного округаАветеран Екатерина Синиавскаиа
Военнослужащие российской базы с военым оркестром ЮВО поздравили на дому ветеранов Великой Отечественной войны с Днем защитника Отечества - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Аветеран Екатерина Синиавскаиа
Аибашьра аветеран аруаа рыдныҳәалара деигәырӷьеит, ларгьы ирзеиӷьалшьеит агәабзиара зҩыда, ашықәснҵыра ду. Акомандаҟаҵара рыхьӡала иланашьан аҳамҭақәа.
Урыстәылатәи аруаа еснагь аветеранцәа ирыдырныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имши Аиааира Амши.
Аибашьра Ду иалахәын 55 000-ҩык Аԥсны ауааԥсыра. 17,5 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ иаԥсахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0