Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵыхәтәанынӡа Нестор дзымԥсахыз: аспектакль "Сариа" аԥсуа театр асценаҟны иқәдыргылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля "Сариа" в Сухуме
Пресс-показ спектакля Сариа в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс илызку аспектакль "Сариа" апресс-рбара мҩаԥысит аԥсуа драматә театр асценаҟны. Ахәаԥшәцәа рзы аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 24-25 рзы.
Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аԥкрақәа рышьҭахь аусура хацнаркуеит афырԥхәызба Сариа Лакоба илызку аспектакль ала. Аспектакль "Сариа" - ари аҭоурыхтә ҵакы ӷәӷәа змоу, фырԥҳәызбаны ицәыргоу ахаҿсахьа, ҭеиҭԥшла игәыку, ҿаԥшылара даара иԥшқоу, аха агәыӷәӷәареи аԥсамхреи еиқәырханы зыԥсымҭанӡа иаазгаз, Сталин ирепрессиақәа ирыхәхаз Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызкуп.
Ақәыргыламҭа "Сариа" асценари автор аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа, апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит апоетесса Инна Ҳаџьымԥҳа, арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа, асценограф асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџьба.
Ҷолокәуа ақәыргыламҭа Сариа азы: лымкаала агәыхыҭхыҭра сзацуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Арадио
Ҷолокәуа ақәыргыламҭа "Сариа" азы: лымкаала агәыхыҭхыҭра сзацуп
Аҟабарда поетесса, адраматург Зарина Ҟаныҟәа илҳәеит, асценари аҩра лхаҿы ишааихьаз хышықәса раԥхьа Адиле Аббас-оӷлы лышәҟәы "Моя Абхазия, моя судьба" данаԥхьа ашьҭахь. Ашәҟәы ҳамҭас илиҭеит аԥсуа драматә театр актиор Сырбеи Сангәлиа, уи ашьҭахь Адилеи Заринеи хаҭала реибадырра еиҿикааит.
"Слабадырит уамашәа иубашаз, акыр зхызгахьаз аԥҳәызба. Уи ашьҭахь сазхәыцит атеатр абызшәала асценари зласыҩрызеи ҳәа. Аԥхын иалагӡаны апиеса сыҩит, аха усҟан атеатрқәа аркын. Ари раԥхьаӡатәи сԥышәоуп аԥсуа театр аус ацураҟны. Срықәгәыӷуеит актиорцәа, агәра ганы сыҟоуп аԥсуа театр азыҳәан акыр зҵазкуа спектакльхоит",-ҳәа лҳәоит Зарина Ҟаныҟәа.
Аспектакль актәи аминуҭқәа инадыркны иуныруан, угәы ҭнарӡыӡаауан атеатр иҩныҩуаз амузыка, аҳауа иалаз ацәаныррақәа еиуеиԥшымыз: ҿымҭ иӡырҩуан, иҵәыуон, игәынқьуан.
Асценахь дцәырҵит аиҭаҳәаҩ- актриса Хьыбла Мықәԥҳа. Лара арежиссиор лыгәҭакы ахәаԥшцәа ирзеиҭалҳәон, амҩа иқәылҵон, аҭоурыхтә фактқәа дырзааҭгылон. Актриса лажәақәа рыла, аԥхьанатә ари ароль аспектакль аҟны иарбаӡамызт.
Лиудмила Малиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2019
Арадио
Малиа Сариа Лакоба лзы: леиԥш аҭоурых аҿы дыҟам
"Шықәсыбжак раԥхьа арежиссиор исыдылгалеит ахәаԥшцәа рахь илҳәарц илҭахыз, аиҭаҳәаҩ ироль анагӡара. Даара сеигәырӷьеит, апиеса сзааигәан, аха издыруан уи зегь раасҭа иуадаҩыз арольқәа ишыруакыз, сгәыӷуеит ахәаԥшцәа ирыдыркылап ҳәа", - лҳәеит Хьыбла Мықәԥҳа.
Сариа лроль дыхәмаруеит С. А. Герасимов ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә акинематографиатә институт (ВГИК) арежиссиортә факультет аушьҭымҭа Амра Наҷҟьебиаԥҳа. Лара илҳәоит, ароль адкылареи анагӡареи шылцәыцәгьаз, аха арежисссиор адгылара ӷәӷәа лылҭон ҳәа.
"Аԥхьарбара ааигәахо ианалага сгәыхыҭхыҭра еиҳагьы иӷәӷәахеит, аԥхьанатә усҟак ашәара сымамызт. Исылшеит анагӡара ҳәа сҳәартә еиԥш аҭагылазаашьа сымам, избан акәзар ари раԥхьаӡатәи сроль ауп атеатр аҟны. Сыхәмаршьа ахәаԥшцәа ахәшьара арҭап ҳәа сгәы иаанагоит", - лҳәеит Амра Наҷҟьебиаԥҳа.
Нестор Лакоба ироль наигӡоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Арухаа. Актиор иажәақәа рыла, егьа аԥышәа умазаргьы Нестор Лакоба дуӡӡа ироль ашьҭыхра имариам усуп.
"Раԥхьаӡакәны аԥсуа театр асценаҟны аԥсуа ԥҳәызба лҭоурых атәы зҳәо аспектакль ӡыргоуп. Атеатр аҟны иқәургылаша аҳәаанырцәиқәа апиесақәа рацәоуп, аха уара умилаҭ аҭоурых атәы зҳәо еиҳау ыҟаӡам. Сара сроль- Нестор Лакоба дуӡӡа ироль, ҳәаҳәарада, ашьҭыхра ус имариам", - иҳәоит иара.
Насыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2019
"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори
1936 шықәса рзы Аԥсны Жәлар ркомиссарцәа рхеилак (Совнарком) ахантәаҩы Нестор Лакоба иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит, Лавренти Бериеи иареи реимак ашьҭахь. Аҵарауаа аӡәырҩы изларԥхьаӡо ала, Нестор Лакоба ашҳам иҭан дшьын Бериа иҩны уаххьафараан. Аамҭақәак рышьҭахь Лакоба "ажәлар раӷа" ҳәа ахьӡ ихырҵеит. 1937 шықәса рзы дҭаркит иара иԥшәма Сариа. Абахҭаҿы лара аџьамыӷәа цәгьа дҭадыргылеит. Гәымбылџьбарала ддырҳәацәон, лхаҵа ажәлар дышраӷоу дақәшаҳаҭхарц, дчарҳәаҩуп, Сталин ишьразы аусқәа реиҿкаара даҿын ҳәа лдырҳәарц ддыргәаҟуан, аха лара акы дацәымшәакәа уи мап ацәылкуан.
Сариа Лакоба 35 шықәса роуп инылҵыз. Лара лыԥсҭазаара далҵит Қарҭ Орточалтәи абахҭаҿы дахьдыргәаҟуази насгьы илыхьыз ашыӡи ирыхҟьаны.
Аспектакль "Сариа" аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоу С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы жәабран 24, 25 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0