Facebook РИА Новости адаҟьа аԥкра ақәнаҵеит 90 мшы

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИконка социальной сети Facebook
Иконка социальной сети Facebook - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Facebook 90 мшы РИА Новости адаҟьа аԥкра ақәнаҵеит, абри азы аҳәамҭа ҟанаҵеит МИА "Россия сегодня" апресс-маҵзура.

"Абасала америкатәи асоциалтә ҳа ажәа ахақәиҭра иаҿагылоит", - рхәеит амаҵзураҿы.

РИА Новости ари азҵаара аилыргараҿы Роскомнадзор ацхыраара иаҳәеит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәылахь ацхыраара иаҳәеит". Урыстәыла ахада иҳәеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәара иахьатәи украинатәи арежим иадҵахоит ҳәа. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.
Здание Министерства иностранных дел РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2022
ААР ахҳәаа анаҭеит Украинеи Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аанкылара
Ажәабжьқәа зегьы
0