Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иахьаҵанакуа аҵҩаақәа абылра иалагеит

© Foto / МЧС АбхазииПожар в Очамчырском районе
Пожар в Очамчырском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Анапаҵаҩра
2019 - 2020 шықәсқәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуаз мҽхакы ҭбаала акыр џьара амцакрақәа ааҭыԥ рыман. Уи иахҟьаны арахә, аҩнқәа, ацитрус аарыхырҭақәа ааха роуит.
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа – Гәдоуҭа, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рҿы аҵҩаақәа абылра иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА аҿы.
Аусбарҭа адыррала Гәдоуҭа амцакрақәа аԥыхуп.
Иара убасгьы, Очамчыра араион ақыҭақәа: Акәасқьа, Џьал, Кындыӷ, Араду, Лашькьындар рҿы аҵҩаарақәа жәабран 23 аахыс ибылуеит.
Очамчыра араион ахада и.н. Артемон Габелаиа иажәақәа рыла амцакра амҽхак ҭбаауп, аха ауаа рзы шәарҭара аҵам.
"Арҭ аҭыԥқәа рааигәара уаҩ дынхом. АҶА хылаԥшра ҟанаҵоит. Ауадаҩрақәа есышықәса иҳазцәырҵуеит", - иҳәеит Габелаиа.
Амцакра аӡәы ихҟьеит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы ирҳәеит ақыҭанхамҩатә дгьылқәа амца шрыцрарҵо, аҳәара ҟарҵеит ари ашәарҭара ахьацу азы мап ацәыркырц.
Ажәабжьқәа зегьы
0