Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

ДЖәР аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина арбџьармчқәа Куликово атехника хьанҭала иалахысит ҳәа

© AFP 2023 / ANATOLII STEPANOVСолдат украинской армии у позиций. Архивное фото.
Солдат украинской армии у позиций. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Анапаҵаҩра
Украинатәи ар ахәаша ашьыжь Донецктәи Жәлар рреспублика алахысра иалагеит.
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Украинатәи арбџьармчқәа аиланхарҭа Куликово иалахысуан, абри аан атехника хьанҭа рхы иадырхәеит ҳәа рҳәеит Ахылаԥшреи аҳәаақәҵареи рзеиԥш центр ахаҭарнакраҿ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Президент РФ В. Путин провел совещание о ситуации в угольной отрасли Кузбасса - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Путин арратә аоперациа ада ԥсыхәа ыҟамызт ҳәа ахиҳәааит
Аԥшьаша ашьыжь Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит", - ҳәа. Иара иҳәеит, Москва Украина ақәлара агәы ишҭам, ирҭаху абџьар рхыхра шакәу.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу. Путин украинатәи аруаа рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит украинатәи анапхгара иҟарҵо ацәгьоуратә дҵақәа нарымгӡарц, рабџьар шьҭаҵаны рыҩныҟақәа ицарц.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аракетатә, авиациатә, артиллериала аума зынӡа украинатәи ақалақьқәа ишрыламхысуа. Аусбарҭа адыррала, икылкаау ахархәагала Украинатәи арратә инфраструктуреи, аҳаиртә хыхьчаратә хархәагақәеи, арратә ҳаирбаӷәазақәеи русура еиԥдырҟьоит. Убри аан Украина аҳәаахьчаҩцәа "аҿагылара руам" ҳәа азгәаҭоуп. Иара убас иазгәарҭеит аҭынч уааԥсыра ԥырхага шрыҭам.
Ажәабжьқәа зегьы
0