Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аамҭа иаӡрыжәыз аибашьҩы": Уаҳаид Чуаз изкны

© Foto / Уаҳаид Чуаз иҭаацәаУаҳаид Чуаз
Уаҳаид Чуаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибшьра Ду ҳҭоурых адаҟьақәа рҟны иҷыдоу аҭыԥ аннакылоит. Зхәышҭаарақәа ныжьны зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьақәа нызыгӡоз асолдаҭцәа рахьтә ихынҳәыз шырацәоу еиԥш иҟоуп хабарда ибжьаӡызгьы. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәоит Дәрыԥшьтәи аибашьҩы Уаҳаид Чуаз.
Гәдоуҭа араион, Дәрыԥшь ақыҭан Хәашиҭ Чуази Назиа Шамԥҳаи аҭаацәа ду аԥырҵеит, ирхылҵит ԥшьыҩк аԥацәеи аԥҳаи. Анцәа ишиҳәара арԥарцәа рыжәлар аӡәык ҳәа иаарылагылоны еиԥш иалагоит Аџьынџьтәылатәи аибшьра Ду. Усҟан ани аби иабардыруаз иџьабаџьафаны ирааӡаз рԥацәа аӷа иҿагылар акәхоит, зыԥсгьы ахҭнызҵо ҟалоит, даргьы агәырҩа иахԥсаауеит ҳәа. Чуазаа аибашьра иахырҟьаны ирхыргаз арыцҳара атәы еиҭеиҳәеит Хәашиҭи Назии рмаҭа Алик Чуаз.
© Foto / Уаҳаид Чуаз иҭаацәаҚьаазым Чуаз
Қьаазым Чуаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Қьаазым Чуаз
"Ԥшьҩык аишьцәа Уаҳаиди, Манчеи, Хәаҭхәаҭи, Қьаазыми рахьтә сара саб Уаҳаид иоуп. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду алагаанӡа иара Қарҭ амедицинатә ҵараиурҭа дҭан. Уаҟа алаҳәара ҟарҵеит аԥырыҩцәа разыҟаҵара иалагоит, агәаҳәара змоу шәҳашьҭоит ҳәа. Саби, рыжәла сгәалашәом даҽа ҩыџьа аԥсуа ҷкәынцәеи ақәшаҳаҭхеит. Аха излеилкаахаз ала Севостополь амшынтә флот ахь иршьҭит. Уа ишыҟаз СССР афашистцәа ақәлоит. Уи нахыс саб иҭаацәа дрымбаӡеит", - ажәабжь еиҭеиҳәоит Алик Чуаз.
Уаҳаид, Севостополь 7-тәи амшынтә бригада, 1-тәи абаталион, 2-тәи арота санинструкторс дыҟан. Аидысларақәа руак аан хаҭала амцашыра иалеигеит ихәыз 38-ҩык Асовет солдатцәа, уимоу илиршеит рабџьари рџьаԥҳани ахьчара. Аҿагылара изҭоз анемеццәа рҟынтә 20-ҩык ҭаирхеит. Уаҳаид Чуаз Севостополь ахәрагьы иоухьан, аха ишьапы данықәгыла, ҩаԥхьа ирратә уалԥшьақәа ирыциҵеит. Аубых хылҵшьҭра Уаҳаид Хәашиҭ-иԥа аибашьра адәаҟны иааирԥшыз агәаӷьреи ахаҵареи рзы ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы. Урҭ ирхыԥхьаӡалоуп "Кавказ ахьчаразы", "Севостополь ахьчаразы", "Одесса ахьчаразы", "Аеҵәа Ҟаԥшь " аорден, "Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду аорден" II-тәи аҩаӡара.
© Foto / Уаҳаид Чуаз иҭаацәаУаҳаид Чуаз
Уаҳаид Чуаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Уаҳаид Чуаз
"Саб аибашьра анеилгагьы иаразнак иҩныҟа дзымхынҳәӡеит. Адҵаҟаҵаҩцәа рҿаԥхьа даҽа дҵак ықәдыргылеит. Украина, Бандераа ҳәа изышьҭаз амилаҭеилыхыҩцәа ирҿагылар акәхеит. 1948 шықәсазоуп иаб игәараҭа ишьапы анықәиргыла", - иажәа иациҵоит аԥа.
Уаҳаид Чуаз Дәрыԥшьҟа данаа иани иаби агәырҩа иашьхьан. Дара Уаҳаид дахьыҟаз рыздырӡомызт, уи аԥхьаҟа Брест аҭҟәара иақәшәаз Манча аҽӡара шилшазгьы зегь акоуп Сталин имҩаԥигоз аполитика инақәыршәаны 25 шықәса аҭакра иқәырҵоит, Хәаҭхәаҭ Минск дшеибашьуаз хабарда дыбжьаӡуеит, Қьаазым Қарҭ ашәарҭадара иахылаԥшуаз аруаа дрылан. Абыргцәа рхала ргәырҩа ианазымиааи уамак рыбжьамхакәа рыдунеи рыԥсахит.
© Foto / Уаҳаид Чуаз иҭаацәаХәаҭхәаҭ Чуаз
Хәаҭхәаҭ Чуаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Хәаҭхәаҭ Чуаз
11 шықәса зыҩны иҟамыз Уаҳаид Чуаз ҩаԥхьа имч еизганы, игәы ҿаҳәаны аԥсҭазаарахь ишьаҿа еихигеит. Дҭалеит Аҟәа иҟаз Қарҭтәи асубтропикатә нхамҩатә институт. Акыр шықәса аус иуан Афон асовынхараҿы, инапы алакын амандарина ааӡара, аихаҳара, ахкы ҿыцқәа ралагалара. Иара убас Дәрыԥшьтәи аколнхараҿы кассирс дыҟан.
Уаҳаид Чуаз наҟ-наҟ динасыԥхеит Минца Леиԥҳа. Дара ирхылҵит хҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи.
Хәашиҭ Чуази Назиа Шамԥҳаи анкьа рхәышҭаара ҿыцәаауа ишалагаз анырба иахԥсааит. Ирдыруандаз абыргцәа рлахьынҵа ишаныз рыхшара рхылҵ аџьџьаҳәа ишеиҵагылоз. Хабарда ибжьаӡыз рыҷкәын Хәаҭхәаҭгьы дахьӡеит иҵәҩаншьап ааныжьра, аԥеи ҩыџьа аԥҳацәеи иман.
© Foto / иаалҭиит Саида ЖьиԥҳаМанча Чуаз
Манча Чуаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Манча Чуаз
Манча иакәзар, 25 шықәса аҭакра ихыганы данаа дҭаацәарахеит, ԥшьҩык ахәыҷқәа ихылҵит. Қьаазым быжьҩык ахшара драбын.
"Уара иушьуа анцәа дишьом", - рҳәоит аԥсуаа ражәа иалаҵаны. Чуазаа ргәараҭа аибашьра хлымӡааз ашьҭа азыннажьит, аха рхәышҭаарамца шеиқәыц еиқәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0