Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәеи Шәачеи рыбжьара имҩаԥысуаз ашахмат азы аиҩызаратә еицлабра хыркәшахеит

© Sputnik / Леон Адлейба Первый международный шахматный рапид-турнир
Первый международный шахматный рапид-турнир - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2022
Анапаҵаҩра
Шәачеи Аҟәеи ркомандақәа рыбжьара ашахмат азы аҭакҟаҵаратә аҩызаратә еицлабрақәа мҩаԥысуан жәабран 26-27 рзы.
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәеи Шәачеи рыбжьара имҩаԥгаз ашахмат азы аиҩызаратә еицлабра хыркәшахеит аҳҭнықалақь аспортсмен ииааирала, абри атәы иҳәеит аицлабрақәа аӡбаҩ хада Альберт Карапетиан.
Иара иазгәеиҭеит аицлабрақәа шымҩаԥгаз ҩ-турнирк рыла- рапид, аблиц. Аҟәатәи акоманда азеиԥш лҵшәақәа рыла аиааира агеит.
"Рапид адисциплина аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит Шәачатәи ашахматасыҩ Алексеи Бычков, аҩбатәи- Нестор Багаҭелиа- Аҟәа, ахԥатәи- Тристан Кәарцхьиа- Аҟәа. "Блиц" аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит - Тристан Кәарцхьиа, аҩбатәи - Нестор Багаҭелиа, ахԥатәи -Алексеи Бычков", - иҳәеит Карапитиан.
Аиааира згаз иранашьан ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, иара убас атурнир аиҿкааҩцәа Аԥсны ашахмат азы Афедерациа аҟнытә иранашьан аԥаратә ҳамҭақәа.
Атурнир иалахәыз иреиҵбаӡаз - хәышықәса зхыҵуаз Лучезар Коваленко аԥхьахә ҷыдеи аԥаратә ҳамҭеи ианаршьеит.
Аицлабра мҩаԥысуеит Краснодартәи атәылаҿацә ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Евгени Бондоренкои, Шәача ақалақь ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Руслан Незамиатини, Аԥсны ашахмат азы Афедерациа аиҳабы Константин Ҭыжәбеи раԥшьгарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0