Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы аҿкчымазара зыхьуаз аӡәы иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение больных COVID-19 в регионах России
Лечение больных COVID-19 в регионах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 036 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 45 687- ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 652-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 266-ҩык, урҭ рахьтә 135-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иҳаҩсыз аухаз Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса зхыҵуаз ахаҵа.

Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 40-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 30-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 15-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 26-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп хҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0