Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны сынтәатәи аӡын: ауааи ахҭысқәеи

Анапаҵаҩра
2021-2022 шықәсазтәи аԥснытәи аӡын ахҭысқәа рыла ибеиан - аенергетикатә кризис, аҿкчымазара аҿагылара, Жәлар Реизарахь алхрақәа рҽырзыҟаҵара, ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымра азхаҵара, иара убас арҭ ареспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа Аԥсныҟа раагара.
Аӡынразы имҩаԥысыз аполитикатәи, акультуратәи, аспорттә хҭысқәеи Sputnik Аԥсны афотоҭыхымҭақәа рҟны.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Сынтәатәи аӡынра хьшәашәаран, ареспублика агаҿа акырынтә асы леит.

Сынтәатәи аӡынра хьшәашәаран, ареспублика агаҿа акырынтә асы леит. - Sputnik Аҧсны
1/13

Сынтәатәи аӡынра хьшәашәаран, ареспублика агаҿа акырынтә асы леит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Илеиуаз асы хәыҷи-дуи аигәырӷьон, асеигәыдҵа ҟарҵон.

Илеиуаз асы хәыҷи-дуи аигәырӷьон, асеигәыдҵа ҟарҵон. - Sputnik Аҧсны
2/13

Илеиуаз асы хәыҷи-дуи аигәырӷьон, асеигәыдҵа ҟарҵон.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Сынтәа аҳҭнықалақь даҽа аамҭанык еиԥшымкәа Ашықәс ҿыц иазыхиан. Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡ ду дыргылеит, акәша-мыкәша дырԥшӡеит.

Сынтәа аҳҭнықалақь даҽа аамҭанык еиԥшымкәа Ашықәс ҿыц иазыхиан. Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡ ду дыргылеит, акәша-мыкәша дырԥшӡеит. - Sputnik Аҧсны
3/13

Сынтәа аҳҭнықалақь даҽа аамҭанык еиԥшымкәа Ашықәс ҿыц иазыхиан. Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡ ду дыргылеит, акәша-мыкәша дырԥшӡеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аӡын аҽеиҩшамҭазы аԥсуаа пату зқәырҵо аныҳәа ду иаԥылоит. Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы. Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәсеиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон.

Аӡын аҽеиҩшамҭазы аԥсуаа пату зқәырҵо аныҳәа ду иаԥылоит. Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы. Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәсеиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон. - Sputnik Аҧсны
4/13

Аӡын аҽеиҩшамҭазы аԥсуаа пату зқәырҵо аныҳәа ду иаԥылоит. Ажьырныҳәа, абзыԥқәа рҿы Хьачхәама ҳәа ззырҳәо, мҩаԥысуеит амзаҿа ангыло, ажәытәтәи иулиантәи амзар ала ажьырныҳәа 13 рзы. Апсуаа жәытәнатә аахыс ари ашықәсеиҩшара ҳәа ирԥхьаӡон.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит анцәаихаҵаҩцәа излахәыз аныҳәатә матанеира.

Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит анцәаихаҵаҩцәа излахәыз аныҳәатә матанеира. - Sputnik Аҧсны
5/13

Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит анцәаихаҵаҩцәа излахәыз аныҳәатә матанеира.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22- 23 азы Тамшь ақыҭан. Sputnik Аԥсны Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" аинформациатә дгылара анаҭеит.

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22- 23 азы Тамшь ақыҭан. Sputnik Аԥсны Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" аинформациатә дгылара анаҭеит. - Sputnik Аҧсны
6/13

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи ашахматтә турнир "Аԥсны. Тамшь-Village 2022" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 22- 23 азы Тамшь ақыҭан. Sputnik Аԥсны Жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" аинформациатә дгылара анаҭеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ажьырныҳәа 25 рзы дара русура ахацыркразы азин рыҭан. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацнаркит ажьырныҳәа 26 азы.

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ажьырныҳәа 25 рзы дара русура ахацыркразы азин рыҭан. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацнаркит ажьырныҳәа 26 азы. - Sputnik Аҧсны
7/13

Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ажьырныҳәа 25 рзы дара русура ахацыркразы азин рыҭан. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр Федирико Гарсиа Лорка иҩымҭала ақәыргыламҭа "Радость вопреки всему" ала аусура хацнаркит ажьырныҳәа 26 азы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла АШәМ-и реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аҟәа ажьырныҳәа 27 - жәабран 5 рзы.

Аԥсны амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла АШәМ-и реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аҟәа ажьырныҳәа 27 - жәабран 5 рзы. - Sputnik Аҧсны
8/13

Аԥсны амчратә усбарҭақәеи Урыстәыла АШәМ-и реицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Аҟәа ажьырныҳәа 27 - жәабран 5 рзы.

© Foto / Instagram/ananas.margo

Риҵа аӡынтәи асахьа.

Риҵа аӡынтәи асахьа. - Sputnik Аҧсны
9/13

Риҵа аӡынтәи асахьа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҟәатәи асқьалаҿы аԥсыӡкыҩцәа раамҭа рхыргоит, уажәааны аидыԥсала ҳәа изышьҭоу аԥсыӡ ауп аҵәгәыр иаҿашәо.

Аҟәатәи асқьалаҿы аԥсыӡкыҩцәа раамҭа рхыргоит, уажәааны аидыԥсала ҳәа изышьҭоу аԥсыӡ ауп аҵәгәыр иаҿашәо. - Sputnik Аҧсны
10/13

Аҟәатәи асқьалаҿы аԥсыӡкыҩцәа раамҭа рхыргоит, уажәааны аидыԥсала ҳәа изышьҭоу аԥсыӡ ауп аҵәгәыр иаҿашәо.

© Томас Тхайцук

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аусура хацнаркит Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызку аҭоурыхтә спектакль "Сариа" ала.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аусура хацнаркит Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызку аҭоурыхтә спектакль "Сариа" ала. - Sputnik Аҧсны
11/13

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аусура хацнаркит Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызку аҭоурыхтә спектакль "Сариа" ала.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Жәабран анҵәамҭазы ааԥынра шааигәахәоз мҩашьо акырӡа ишоурахеит.

Жәабран анҵәамҭазы ааԥынра шааигәахәоз мҩашьо акырӡа ишоурахеит. - Sputnik Аҧсны
12/13

Жәабран анҵәамҭазы ааԥынра шааигәахәоз мҩашьо акырӡа ишоурахеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

ДЖәР-и, ЛЖәР-и, Украинеи аҭагылазаашьа аныуадаҩха, Донбасстәи ареспубликақәа рҟынтәи аҭынчуааԥсыра ралгара иалагеит. Ус Аԥсныҟа иааган ахҵәацәа, иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Ахҵәацәа арахь раагара мҩаԥысуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала. Аԥсны ДЖәР-и ЛЖәР-и рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 26 рзы.

ДЖәР-и, ЛЖәР-и, Украинеи аҭагылазаашьа аныуадаҩха, Донбасстәи ареспубликақәа рҟынтәи аҭынчуааԥсыра ралгара иалагеит. Ус Аԥсныҟа иааган ахҵәацәа, иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Ахҵәацәа арахь раагара мҩаԥысуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала. Аԥсны ДЖәР-и ЛЖәР-и рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 26 рзы. - Sputnik Аҧсны
13/13

ДЖәР-и, ЛЖәР-и, Украинеи аҭагылазаашьа аныуадаҩха, Донбасстәи ареспубликақәа рҟынтәи аҭынчуааԥсыра ралгара иалагеит. Ус Аԥсныҟа иааган ахҵәацәа, иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Ахҵәацәа арахь раагара мҩаԥысуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала. Аԥсны ДЖәР-и ЛЖәР-и рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0