Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хыркәшахеит

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы, абжьыҭара еиҿкаахоит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны.
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Жәлар Реизарахь алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рыплан инақәыршәаны, Аԥсны Алхратә комиссиа хада адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хнаркәшеит, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АКХ аҟны.

Жәабран 10 раахыс АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса. Бжьаратәла, адепутатк ҭыԥк ахь хҩык ықәгылоуп. Акандидатцәа зегь реиҳа иреиҵоу 25 шықәса ихыҵуеит, зегь иреиҳабы -75".

5, 10, 14 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа аӡәаӡәа роуп иқәгылоуп.
Аханатә ашәҟәы иҭагалан 133-ҩык, АКХ аҟны ишазгәарҭаз ала урҭ рахьтә жәҩык иахәҭаз ашәҟәқәа аларымҵеит. Дәрыԥшьтәи алхратә ҭыԥ хадала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь ицоз акандидат ашәҟәы дҭыргеит.
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизара алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа 30-ҩык ааԥхьара рымоуп
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанызаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ.
Депутатс иҟалар ҟалом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арыҩшьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, аԥсихикатә шьақәҟьара змоу. Абжьыҭара азин ырмоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.
Даииааит ҳәа дыԥхьаӡоуп еиҳа бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Ажәабжьқәа зегьы
0