Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания встретился с беженцами из ДНР и ЛНР в Сухуме
Аслан Бжания  встретился с беженцами из ДНР и ЛНР в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Анапаҵаҩра
Иахьазы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы иҟоуп аибашьра иалганы иаагоу 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра.
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хәажәкыра 3 азы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы иҟоу Донбасс ауааԥсыра дырҭааит.
Бжьаниа ДЖәРи ЛЖәРи руааԥсыра ириеҳәеит атәыла анапхгареи аҳҭнықалақь ахадареи ирылшо зегь шыҟарҵало ауаа имшәа-имырҳа рыҟазааразы. Ахҵәацәа ҭабуп ахырҳәааит ирыҭоу азхьаԥшраз, ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа рзы.

"Ҳара иаҳҭахуп ахәыҷқәа ргәалашәараҿ Аԥсны акыра аамҭа иаанхарц, анаҩс аԥхьаҟагьы иаҳзааларц, ҳаизгәакьахарц. Шәҭыԥҳацәа ҳарԥарацәа ԥҳәысс ирго, ҳҭыԥҳацәагьы шәара шәахь ицо иҟалааит", - иҳәеит ахада уи алагьы изыӡырыҩуаз агәалаҟазаара рыҭо.

Бжьаниа акрыфарҭахь днеины дазҵааит уи аиҿкаара шыҟоу. Аусуҩцәа ирҳәеит фатәы-жәтәыла ахҵәацәа шеиқәыршәоу.
Ахада иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалар ареспублика шазыхиоу еиҭагьы ауаа рыдкылара.
Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иҳәеит 16-ҩык ахәыҷқәа ашкол ахь ишцаз.
"Аҭаацәеи ҳареи ҳаилацәажәеит. Ашкол ахь ацара зҭаххаз 16-ҩык ашкол ахь иганы-иаагоит. Иеиҵақәоу рзы арҵаҩцәа арахь иааиуеит. Рхы иазынҳажьуам", - ҳәа иҳәеит Сурманиӡе.
Ахәыҷбаҳчақәа ирыҵаркуа ахәыҷәқәа рахь ааӡаҩцәа ааны аус рыдыруылалоит ҳәа иҳәеит иара.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит - Sputnik Аҧсны
1/3

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит - Sputnik Аҧсны
2/3

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит - Sputnik Аҧсны
3/3

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

1/3

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

2/3

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

3/3

Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит

Раԥхьатәи ахҵәацәа Аԥсныҟа иааргеит жәабран 24 азы, аҩбатәи агәыԥ - хәажәкыра 2 азы. Иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Ахҵәацәа арахь раагара мҩаԥысуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала. Ауаа раагара аиҿкааразы хаҭала Донбассҟа дцеит АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Хәажәкыра 1 азы, ахҵәацәа раԥхьатәи агәыԥ алахәылацәа рзы Афонҿыцтәи аҭыԥ ԥшӡарақәа ддырбеит.
Донбасстәи ареспубликақәа руааԥсыра рахыгара рылаҳәан аинырратә цәаҳәаҿы аҭагылазаашьа анеибарххаха ашьҭахь, Украина абџьар рхыхразы аоперациа ҷыда иалагаанӡа. Иахьазы ДЖәР аҟынтәи ауаа ахыргом.
Донбасс аҭагылазаашьа уадаҩхеит жәабранмзазы, ареспубликақәа рхадацәа аҭынч уааԥсыра рахыгара рыларҳәеит Украина ажәылара ҟанаҵоит ҳәа ашәаразы.
Иахьазы урыстәылатәи ар аоперациа ҷыда мҩаԥыргоит Украина абџьархыхразы.
Очередная группа беженцев  из ДНР и ЛНР прибыла в Абхазию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Аԥсны
Донбассынтәи ахҵәацәа ргәыԥ ҿыц Аԥсныҟа иааит
Ажәабжьқәа зегьы
0