Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Володин: Урыстәыла аҽаланамгалазҭгьы НАТО ахатә операциа иалагон

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПленарное заседание Госдумы РФ
Пленарное заседание Госдумы РФ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла арратә операциа ҷыда иаламгазҭгьы НАТО ахатә операциа иалагон ҳәа аҩуеит РИА новости аканал "Россия 24" аҟны аполитик иқәгылара ааго.

"Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иаламгазҭгьы НАТО ахатә операциа иалагон бандераа, анеонацистцәа рнапала. Ҳара ҳахьӡеит уи алагьы зқьҩыла рыԥсҭазаарақәа еиқәҳархеит", - иҳәеит Володин ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.

Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы иҳәеит НАТО Украина бџьарла иахьеиқәнаршәоз шакәу урыстәылатәи анапхгара аоперациа ҷыда иалазыргаз.
Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Украина 1612 арратә ҵакыра шьақәнарҟьеит
Жәабран 24 азы Донбасс арратә аоперациа ҷыда иалаган. Урыстәыла изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан аҭагылазаашьа хырԥашьа змам акәны иҟоуп, Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраара рыҭатәуп ҳәа. Иазгәеиҭеит, Урыстәыла Украина ақәлара акәымкәа абџьархыхра шакәу хықәкыс иамоу.
Урыстәылатәи аруаа Украина 1612 арратә ҵакырақәа ршьаҟьахьеит, рнапахьы иааргахьеит аиланхарҭа ҭыԥқәа жәпакы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Ажәабжьқәа зегьы
0