https://sputnik-abkhazia.info/20220305/1037951151.html
Шәҭы хкыс иуҭаху зегьы: аԥснытәи ааԥынра Sputnik аобиектив аҿы
Шәҭы хкыс иуҭаху зегьы: аԥснытәи ааԥынра Sputnik аобиектив аҿы
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik ишәзеизнагеит Аԥсны сынтәатәи ааԥынра ҳҭалеижьҭеи ицәырҵыз ашәҭақәа рфотосахьақәа. 05.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-05T20:00+0300
2022-03-05T20:00+0300
2022-03-05T20:53+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/05/1037951170_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_16afa5456daee0a975696ba8aaf5c87e.jpg
Сынтәатәи ааԥынра Аԥсны макьана иԥхаррамхаӡацт, аха ҵиаақәак уеизгьы аиаҵәареи, ашәҭреи, афҩы хаа аушьҭреи иалагахьеит.Аԥснытәи асубтропикатә ҳауа зқьыла аҵиаақәа реизҳаразы иманшәалоуп. Ара 3200 нызқь хкы раҟара ирызҳауеит, урҭ рахьтә 80 - аҭыԥантәи мацарақәа роуп (аендемикатә). Убри алагьы дара аԥсабараҿы хәызмам ракәны иҟоуп.Амимоза – хәажәкырамза иасимволуп ҳәа ауаа рыхдырраҿы иаанхахьеит, сынтәагьы Жәларбжьаратә аҳәса рымш - Март 8 аламҭалаз иара шәҭит. Аха иҳаҩсыз аӡын иаразы ихьшәашәаран, лассы-лассы иауаз ақәеи аҵааи рымшала иԥхасҭахақәаз ашәҭқәа маҷым, аха уеизгьы, Аԥсни Урыстәылеи ари ашәҭ бзиа избо рҟынӡа инеиртә еиқәхеит.Аӡынразы Аԥсны аԥшаҳәаҿгьы асы зныкымкәа илеит, уамак ишьҭамхазаргьы. Иахьазы рхы цәырыргахьеит асыкәақәа, ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа), ишәҭхьеит аџа́беи (амагнолиа) акамелиеи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/05/1037951170_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_046fcc2f58c8f674dceb78416459cd7b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Шәҭы хкыс иуҭаху зегьы: аԥснытәи ааԥынра Sputnik аобиектив аҿы
20:00 05.03.2022 (ирҿыцуп: 20:53 05.03.2022) Аинформациатә маҵзура Sputnik ишәзеизнагеит Аԥсны сынтәатәи ааԥынра ҳҭалеижьҭеи ицәырҵыз ашәҭақәа рфотосахьақәа.
Сынтәатәи ааԥынра Аԥсны макьана иԥхаррамхаӡацт, аха ҵиаақәак уеизгьы аиаҵәареи, ашәҭреи, афҩы хаа аушьҭреи иалагахьеит.
Аԥснытәи асубтропикатә ҳауа зқьыла аҵиаақәа реизҳаразы иманшәалоуп. Ара 3200 нызқь хкы раҟара ирызҳауеит, урҭ рахьтә 80 - аҭыԥантәи мацарақәа роуп (аендемикатә). Убри алагьы дара аԥсабараҿы хәызмам ракәны иҟоуп.
Амимоза – хәажәкырамза иасимволуп ҳәа ауаа рыхдырраҿы иаанхахьеит, сынтәагьы Жәларбжьаратә аҳәса рымш - Март 8 аламҭалаз иара шәҭит. Аха иҳаҩсыз аӡын иаразы ихьшәашәаран, лассы-лассы иауаз ақәеи аҵааи рымшала иԥхасҭахақәаз ашәҭқәа маҷым, аха уеизгьы, Аԥсни Урыстәылеи ари ашәҭ бзиа избо рҟынӡа инеиртә еиқәхеит.
Аӡынразы Аԥсны аԥшаҳәаҿгьы асы зныкымкәа илеит, уамак ишьҭамхазаргьы. Иахьазы рхы цәырыргахьеит асыкәақәа, ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа), ишәҭхьеит аџа́беи (амагнолиа) акамелиеи.
© Sputnik / Томас Тхайцук Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз амимоза ҩежьӡа уахьынаԥшы-ааԥшуа еилагылеит.
Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз амимоза ҩежьӡа уахьынаԥшы-ааԥшуа еилагылеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу акамелиа ашәҭқәа ҟаԥшьы-уаркалеиуа ипытит ааԥын шааизҵәҟьа.
Ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу акамелиа ашәҭқәа ҟаԥшьы-уаркалеиуа ипытит ааԥын шааизҵәҟьа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҳаскьынгьы ԥшқаӡа ана-ара иазҳауа иалагеит, игәыкӡа аҷабҳаскьынгьы (незабудки) аацәырҵит.
Аҳаскьынгьы ԥшқаӡа ана-ара иазҳауа иалагеит, игәыкӡа аҷабҳаскьынгьы (незабудки) аацәырҵит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аӡын шҳаҩсыз агәра узырго арҭ ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа) адунеи аҿы акырџьара иуԥылоит, иаҳҳәап Амшынбжьаратәии Агәҭантәии Европеи иара убас Азиа Маҷи.
Аӡын шҳаҩсыз агәра узырго арҭ ааԥынкакаҷқәа (ацикламенқәа) адунеи аҿы акырџьара иуԥылоит, иаҳҳәап Амшынбжьаратәии Агәҭантәии Европеи иара убас Азиа Маҷи.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ааԥын иацҳаражәҳәаҩқәоу ашәҭқәа зегьы дара ртәала иссируп.
Ааԥын иацҳаражәҳәаҩқәоу ашәҭқәа зегьы дара ртәала иссируп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Суланж имагнолиа ақалақь апаркқәеи амҩадуқәеи арԥшӡоит.
Суланж имагнолиа ақалақь апаркқәеи амҩадуқәеи арԥшӡоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны 3200 раҟара аҵиаақәа ирызҳауеит, урҭ ҳаԥсабара иагьдырԥшӡоит, иагьдырзҩыдоит.
Аԥсны 3200 раҟара аҵиаақәа ирызҳауеит, урҭ ҳаԥсабара иагьдырԥшӡоит, иагьдырзҩыдоит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аӡыӡкәыр (апримула) уԥылоит Европа абнарақәа рҿы иахьабалак, иара убас Урыстәыла европатәи ахәҭаҿы, Кавказ, Ҭырқәтәыла, Иран. Ари ашәҭ ахьазҳауа аҳаскьынра уарҳалушәа акалашәа иарԥшӡоит.
Аӡыӡкәыр (апримула) уԥылоит Европа абнарақәа рҿы иахьабалак, иара убас Урыстәыла европатәи ахәҭаҿы, Кавказ, Ҭырқәтәыла, Иран. Ари ашәҭ ахьазҳауа аҳаскьынра уарҳалушәа акалашәа иарԥшӡоит.