Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьыкырба еиҭеиҳәеит Урыстәыла имҩаԥысуа аицлабра "Ашықәс апоет 2021" ихы шалаирхәыз

Џьыкырба еиҭеиҳәеит Урыстәыла имҩаԥысуа аицлабра "Ашықәс апоет 2021" ихы шалаирхәыз
Анапаҵаҩра
Апоет Ҳаџьараҭ Џьыкырба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла имҩаԥырго аицлабра "Ашықәс апоет 2021" иалахәхара шыҟалаз атәы.
Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла имҩаԥнаго амилаҭтә литературатә премиа "Ашықәс апоет 2021" далахәуп аԥсуа поет Ҳаџьараҭ Џьыкырба.
Иара диит 1992 шықәсазы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан. 2004 шықәса раахыс ажәеинраалақәа иҩуеит. Ҳаџьараҭ иажәақәа рыла, хәышәҟа инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа аԥиҵахьеит аԥсышәалеи урысшәалеи. Урҭ икьыԥхьхьеит агазеҭ "Аԥсуа университет" аҟны убасгьы Урыстәыла еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәа рҟны.
"Аинтернет портал Стихи.ру аҟны сажәеинраалақәа ҭазгалон. Нас абри аицлабра шымҩаԥыргоз сақәшәеит, исыӡбеит жәабаҟа жәеинраала рзынасышьҭырц урысшәала иҩу. Иалырхит быжьба. Макьана аноминант иаҳасабала сыҟоуп. Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, акультура аусзуҩцәа ажиури иалоуп. Алкаақәа ҟаҵахоит ари амза 20 рзы", - иҳәеит Џьыкырба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0