Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны афымцалашара аиуразы иалагалаз аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхуп

© Sputnik Ингур ГЭС
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2022
Анапаҵаҩра
Џьуартәи аӡеизакырҭа алшарақәа нҵәеит, ЕгрыГЕС ԥсабаратәла иазнеиуа аӡы атәыла мрагыларатәи ахәҭа лашарала аиқәыршәара азхом, убри азы уаҟа аамҭа-аамҭала алашара дырцәон.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Џьуартәи аӡеизакырҭа ԥсабаратәла иазнеиуа аӡы 50 м³/с рҟынӡа иахьеизҳаз иабзоураны Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны иалагалаз аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхуп, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

ЕгрыГЕС аҟынтәи афымцалашара зауа Очамчыра, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал араионқәа рҟны ҽынла алашара дырцәалаӡом.

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны иазгәарҭеит, аӡеизакырҭаҟны аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр алашара уаанӡа ишдырцәалоз еиԥш ишдырцәало.
Жәабран 7 инаркны Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы алаҟәреи Урыстәылантәи иаауа афымцамчхара амаҷреи ирыхҟьаны афымца анашьҭразы аԥкрақәа алагалан.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа Урыстәылантәи афымца аиуа иалагеит, мрагыларатәи ахәҭа - Аӡхыҽҽатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара аиуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0