Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

УАМ ракетала Луганск иҟоу анефтебаза иеихсит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПункт пропуска "Должанский" в Луганской области
Пункт пропуска Должанский в Луганской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2022
Анапаҵаҩра
Аҭынчуааԥсыра рҟынтәи иҭахази ааха зауз арратә хыбрақәеи рзы аинформациа ыҟам. Аҭыԥаҟны аус руеит аиқәырхаҩцәа, ЛЖәР амчратә усбарҭақәа, ацхыраара ласы ҷаԥшьоит.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Луганск ашьыжь иҟалаз аԥжәара ӷәӷәа иахҟьаны анефтебаза амца акит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Лугансктәи Жәлар рмилициа адыррақәа рыла, анефтебаза амца акит, украинатәи аракетатә комплекс "Точка-У" ала ианхыс ашьҭахь.
Аԥжәара ҟалеит 6:55 сааҭ рзы, абжы ақалақь аҟны иуаҳауан, амца харантә иубарҭан. Уажәазы амцарцәаҩцәа амца дырцәоит.
"Украинатәи атеррористцәа ЛЖәР аҭынчуааԥсыра рганахьала атеррор аадырԥшуеит. Макьаназа иҟоу адыррақәа рыла, анефтебаза амца акит, украинатәи аракеттә комплекс "Точка-У" ала ианхыс ашьҭахь", - ҳәа иҳәеит Жәлар рмилициа ахаҭарнак.
Аҭынчуааԥсыра рҟынтәи иҭахази, ааха зауз арратә хыбрақәеи рзы аинформациа ыҟам.
ЛЖәР ахада иабжьгаҩ Родион Мирошник иажәақәа рыла, УАМ Ростовтәи аобласт аракетатә шьақәгылақәа рыла рылахысра гәҭакыс ирыман.
Ажәабжьқәа зегьы
0