Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Воуԥҳа аҿартә политика знапы алаку рзы асеминар-практикум атәы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Воуԥҳа аҿартә политика знапы алаку рзы асеминар-практикум атәы
Анапаҵаҩра
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуԥҳа еиҭалҳәеит ааигәа ишымҩаԥгаз аҿар аус рыдызуло рзы асеминар-практикум.
Аҿартә политика знапы алаку аспециалистцәа рзы асеминар-практикум мҩаԥысит хәажәкыра 4 инаркны 6-нӡа Гагра ақалақь аҟны. Иара еиҿнакааит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы. Аусмҩаԥгатә еиднакылаз ауаа, иадыԥхьалаз аспециалистцәа, асеминар аҳәаақәа ирҭагӡаны ироуз адырра, асоциалтә проектқәа рынагӡараан уи шрыхәо атәы еиҭалҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0