Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Быҭәба иҭабуп ҳәа реиҳәеит COVID-19 аҟынтәи ачымазаҩцәа зхәышәтәуа аҳәса

© SputnikЭдуард Бутба
Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа зегьы рҿы иахьатәи аамҭазы зықьҩык инареиҳаны аҳәса аус руеит.
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Аҳәса жәларбжьаратәи рымш рыдиныҳәалеит, ҷыдала иазгәеиҭеит акоронавирус апандемиа иаҿагыланы иқәԥо амедицинатә усзуҩцәа - аҭыԥҳацәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Ишәыдысныҳәалоит гәык-ԥсыкала жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа! Март ааба иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит аныҳәақәа рыбжьара. Зегь раԥхьаӡа иргыланы ари амшныҳәа рыдысныҳәаларц сҭахуп амедицина аџьабаа азызбо аҳақьымцәа, амедиаҳәшьцәа, анаука иаҿу, агәабзиарахьчара знапы алаку. Аԥсны амедицинатә еилазаара еиҳарак аҳәса рыла ишьақәгылоуп, абар ҩышықәса ҵуеит дара акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы иқәԥоижьҭеи", - ҳәа азгәеиҭеит Быҭәба.
Иара инаҵшьны иҳәеит ишыҟоу мызла, ԥсшьарамшыда азона ҟаԥшь аҟны аус уны ауаа рыԥсқәа еиқәзырхоз аҳақьымцәеи, амедиаҳәшьцәеи, алабораториақәа рҟны ааԥсарада аус зуаз ПЦР-тестқәа рыҟаҵаразы. Иара иажәақәа рыла, иахьазы ареспублика ахәышәтәырҭақәа рҟны аус руеит зықьҩык инареиҳаны аҳәса.
"Ҳаҭыр зқәу аҳәса, аҭыԥҳацәа! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аныҳәатә гәалаҟара, ишәызгәакьоу рыԥхарра шәыцзааит есымша! Шәыԥсҭазаараҟны ирацәазааит агәырӷьареи алахҿыхреи зцу амшқәа, ачымазаҩцәа маҷхо, ачымазара бааԥсқәа ҟамло", - абас ихиркәшеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр идныҳәалара.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аныҳәамш Хәажәкыра 8 Аԥсны аҳәса ирыдиныҳәалеит
Аҳәса жәларбжьаратәи рымшныҳәа Хәажәкыра 8 иахьатәи аамҭазы даҽа хырхарҭак алагьы иахәаԥшуа иалагеит - COVID-19 азы апандемиа инадҳәаланы. Аекономикатәи асоциалтәи ԥсҭазаараҿы ицәырҵыз ауадаҩрақәа ирыхҟьаны аҳәса акоронавирус аламырҵәаразы ирбо аџьабаа, иҟарҵаз алагала, ирылоу агәаӷьреи ахымшаҭареи еиҳагьы ицәырҵит. Амедицинатә усзуҩцәа, ачымазаҩуәеи абыргцәеи рхылаԥшцәа, аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа - абарҭ аусқәа ирзааԥсо аҳәса апандемиа аанкыларазы рыхә ӷба иҭам.
Ажәабжьқәа зегьы
0