Абанкқәа еилдыргеит Урыстәыла иҭыжьу Visa ахсаалагақәа русура шымҩаԥысуа

© Sputnik / Алексей ФилипповБанковские карты международных платежных систем VISA
Банковские карты международных платежных систем VISA - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Альфа-банк Telegram-канал аҿы адырра ҟанаҵеит Visa хәажәкыра 11 рҟынӡа урыстәылатәи ахсаалагақәа аҳәаанырцә русура ишацырҵо.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Урыстәыла иҭыжьыз Visa ахсаалагақәа аҳәаанырцә хәажәкыра 10 рҟынӡа аус руеит, атранзакциақәа рыцҵара иаҵанакуа аклирингтә ҳасабкрақәа роуп ҳәа рыҩуеит Альфа-банки Аҵәахбанки.

Уаанӡа Visa урыстәылатәи аԥарахсаалагақәа аҳәаанырцә русура аҿҳәара даҽа мышкы ацнаҵеит – хәажәкыра 11 аҟынӡа ҳәа арбан аилахәыра асаит аҿы, аха нас еилкаахеит ари иаҵанакуа аклиринг мацара шакәу (абанкқәа рыбжьара аҳасабкрақәа).

"Банкқәак хәажәкыра 11 рҟынӡа Visa ахсаалагақәа рыла атранзакциақәа мҩаԥыргалоит хәажәкыра 11 рҟынӡа ҳәа ирҳәаз иашам. Изыцҵоу абанкбжьаратә клирингтә ҳасабкрақәа роуп, аклиентцәа уахь иаҵанакуам", - ҳәа аҩуеит Telegram-канал аҿы Аҵәахбанк.
Уаанӡа аилахәырақәа Visa, Mastercard Урыстәыла русура шааныркыло азы аҳәамҭа ҟарҵеит – асанкциақәа ирыҵаркыз абанкқәа рыхсаалагақәа рҭыжьра иаҟәыҵит иара убасгьы аҳәаанырцә онлаин-дәқьанқәа рҟны аахәамҭақәа ахә рыхшәаара ҟалом Apple Pay, Google Pay рхархәарала.
Банковские карты международных платежных систем VISA и MasterCard. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Visa урыстәылатәи аԥарахсаалагақәа русура аҿҳәара даҽа мышкы ацнаҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0