https://sputnik-abkhazia.info/20220309/aei-gdouei-rkhshtyraa-ry-akoronavirus-zlaz-achymaztsa-aaa-rysazaara-ialit-1038008282.html
Аҟәеи Гәдоуҭеи рхәшәтәырҭақәа рҿы акоронавирус злаз ачымазцәа аӡәаӡәа рыԥсҭазаара иалҵит
Аҟәеи Гәдоуҭеи рхәшәтәырҭақәа рҿы акоронавирус злаз ачымазцәа аӡәаӡәа рыԥсҭазаара иалҵит
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 610 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 47 523 - ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит... 09.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-09T23:23+0300
2022-03-09T23:23+0300
2022-03-09T23:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0d/1037566570_0:256:2730:1792_1920x0_80_0_0_ffb7d0c3a86f7530d8390ccd9c0746f1.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Хәажәкыра 8 рзы COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 240-ҩык, урҭ рахьтә 108-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 27-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 10-ҩык, ибжьаратәуп 17-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ԥшьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 8-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0d/1037566570_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_1e79941dd0fbaec5c47c454bda9c7685.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
Аҟәеи Гәдоуҭеи рхәшәтәырҭақәа рҿы акоронавирус злаз ачымазцәа аӡәаӡәа рыԥсҭазаара иалҵит
23:23 09.03.2022 (ирҿыцуп: 23:27 09.03.2022) Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 610 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 47 523 - ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 659-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik. Хәажәкыра 8 рзы COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 240-ҩык, урҭ рахьтә 108-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 80 шықәса зхыҵуаз ахаҵа. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 27-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 10-ҩык, ибжьаратәуп 17-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ԥшьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 8-ҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.