Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәынба Тҟәарчалтәи атеатр аусураҿы аиԥҟьарақәа ирызкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәынба Тҟәарчалтәи атетар аусураҿы аиԥҟьарақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи атеатр аиҳабы Адамыр Гәынба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит избан атеатр аусураҿы аиԥҟьарақәа зыҟаз.
"Ҩымчыбжь роуп иҵуа аусура ҳҭыҵыижьҭеи. Атеатр ахьыҟоу Д. Гәлиа ихьӡ зху акультуратә хан аҟноуп, уа аԥхарра ахьыҟам иахҟьаны ҳусура аанкылан. Изырԥхо амаругақәа амаӡам. Уи адагьы, уажәы адырра соуит аҿкы чымазара зыхьыз актиорцәа ыҟоуп ҳәа. Дара шааҭыҵыз, ҳусура иацаҳҵоит. Аӡәы дыҟамкәа аусура ҳзалагаӡом, еиԥҟьоит зегьы, убри аҟынтә иҭышәынтәалазароуп аҭагылазаашьа", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Ашықәс иалагӡаны атеатр арепертуар иалоу аспектакльқәа ԥшьба еиҭашьақәыргылатәны иҟоуп, иара уи адагьы премьерак ахәаԥшцәа ирыдаагалароуп ҳәа еиҭеиҳәеит Гәынба арадиоефир аҿы.
Тҟәарчалтәи атеатр аиҳабы иҳәеит атеатрқәа рҿы аусура еилазыгӡо актиорцәа рынхарҭа ҭыԥ азы азҵаара аӡбара шалыршахаз атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0