Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Алхратә комиссиа хада аҟны ирҳәеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа зегь рыла ишазхиоу

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахы-аҵыхәа алхырҭатә ҭыԥқәа 152 ыҟоуп, асиақәа ирнуп 130 нызқьҩык алхыҩцәа.
АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. 35 округ рҟны еиҿкаау 152 алхырҭатә ҭыԥқәа Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы ихиоуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны алхратә комиссиа хада аиҳабы Дмитри Маршьан ахәаша имҩаԥысыз апресс-конференциа аҟны.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Аԥсны АКХ атәыла агәабзиарахьчара аминистрра иазгәарҭаз аҿкчымазара аԥырҟәҟәаразы иҟанаҵаз абжьгарақәа зегьы ишрықәныҟәо.
"Алхырҭатә ҭыԥқәеи аҭыԥ хадақәеи ркомиссиақәа алахәылацәа ирыҭоуп- асабрадақәа, анапҭарԥақәа, арзҩыдагатә маҭәашьарқәа. Абиуллитенҭаԥсарҭақәа дәылызго рзы агәабзиарахьчара аминистрра ирыҩыз амаҭәарқәа зегьы рыла еиқәыршәоуп", - иҳәеит Маршьан.
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра алхрақәа раан COVID-19 аҽацәыхьчаразы абжьгарақәа ҟарҵеит
АКХ хада иҳәеит, ааԥхьара шрырҭаз Урыстәылатәи АКХ аҟынтәи, Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика, Лугансктәи жәлар рреспублика, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аҳәынҭқарратә Дума, Урыстәылатәи Афедерациа Ахеилаҟ рҟынтәи ахылаԥшцәа.
"Иахьатәи аамҭазы аккредитациа иахысит жәларбжьаратәи ахылаԥшцәа 25-ҩык", - иҳәеит Дмитри Маршьан.
Алхрақәа рымҩаԥысшьазы АКХ апресс-центр аҟны имҩаԥыслоит апресс-конференциақәа, раԥхьатәи абрифинг мҩаԥгахоит алхырҭатә ҭыԥқәа анаадыртлак ашьҭахь асааҭ 08:30 рзы. Уи ашьҭахь адыррақәа ҟарҵалоит асааҭ 12:00, 15:00, 18:00 рзы, ахыркәшаратә брифинг мҩаԥгахоит асааҭ 20:30 рзы. Алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәаразы абрифинг мҩаԥгахоит хәажәкыра 13, асааҭ 12:00 рзы АКХ апресс-центр аҿы.
Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, алхрақәа рымҩаԥысшьа хылаԥшра арҭоит ахьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, иара убас Апрокуратура хада азакәанеилагарақәа ҟамларц азы хылаԥшра арҭоит, ус еиԥш аилагарақәа ҟалар АКХ иаразнак азҵаара аӡбра аҽазнашәуеит.
Асиақәа ирнуп 130-нызқьҩык алхыҩцәа.
Повторные выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аексперт Жәлар Реизара алхрақәа рҟны апартиақәа рылшарақәа ахәшьара аиҭеит
Абжьыҭара азин рымоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьыҭира иалахәыз алхыҩцәа реиҳараҩык рыбжьы зырҭаз. Алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ишьоуп асиа иану рҟынтәи инеиз рхыԥхьаӡара 25% еиҵазар.
Алхратә ҭыԥқәа 5, 10, 14 рҟны алхрақәа рахь иқәгылоуп аӡәаӡәа. Аԥсны Апарламент ахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Дара алырхуеит хәышықәса рыла знык. Уажәтәи афбатәи ааԥхьара рнапынҵақәа рыҽҳәара нҵәоит ааԥынра 2022 шықәсазы.
Иҳаҩсыз апарламенттә алхрақәа 201 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 139-ҩык акандидатцәа. Аԥшьгаратә гәыԥқәа иҭарыҩит 115-ҩык, аполитикатә партиақәа 24-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0