https://sputnik-abkhazia.info/20220312/1038090010.html
Ажәлар рыбжьы: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа
Ажәлар рыбжьы: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 12.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-12T22:20+0300
2022-03-12T22:20+0300
2022-03-12T23:34+0300
аԥсны жәлар реизарахь алхрақәа-2022
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0c/1038086301_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_86b7b1ed25eb849345fe6d4830147c3d.jpg
Аԥсны Жәлар Реизара VII ааԥхьарахь иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә 107-ҩык хацәан, 26-ҩык ҳәсан.Акандидатцәа рышәҟәҭаҩра мҩаԥысуан жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа. Абри аамҭазы АКХ аҟны иҭарҩит 123-ҩык акандидатцәа, арҭ арбагақәа ааҩык рыла еиҵоуп 2017 шықәсазы алхрақәа ирылахәыз рхыԥхьаӡара аасҭа.Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлон хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуан, зегьы иреиҳабу - 75.Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0c/1038086301_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_04f730a8105220485d3fa307c6fdded8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Ажәлар рыбжьы: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа
22:20 12.03.2022 (ирҿыцуп: 23:34 12.03.2022) Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы.
Аԥсны Жәлар Реизара VII ааԥхьарахь иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә 107-ҩык хацәан, 26-ҩык ҳәсан.
Акандидатцәа рышәҟәҭаҩра мҩаԥысуан жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа. Абри аамҭазы АКХ аҟны иҭарҩит 123-ҩык акандидатцәа, арҭ арбагақәа ааҩык рыла еиҵоуп 2017 шықәсазы алхрақәа ирылахәыз рхыԥхьаӡара аасҭа.
Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлон хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуан, зегьы иреиҳабу - 75.
Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы.

Алхырҭатә ҭыԥқәа зегь неибынеиԥшны аамҭаказы иаартын асааҭ 8:00 рзы. Иаартын 35 алхратә ҭыԥ хадақәа ирыҵаркуаз алхырҭатә ҭыԥқәа 152.

Алхрақәа раамҭазы аҿкчымазара аламырҵәаразы алхратә ҭыԥқәа еиқәыршәан асабрадақәеи арзҩыдагатә маҭәашьарқәеи рыла.

Абиуллетенқәа рҟны амҳәыр ықәдыргылон

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рхылаԥшразы иааит Урыстәыла, Приднестровие, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи анаԥшцәа.

Аҳәынҭдумаҟнытәи иҟаз дреиуан анаԥшҩы Константин Затулин.

Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны имҩаԥысуаз алхрақәа ахәшьара бзиа рырҭеит.

АКХ адыррақәа рыла, асааҭ 20:00 рзы Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа шьақәгылеит 35 алхратә ҭыԥ хадақәа зегьы рҿы.

Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аркын 20:00 сааҭ рзы.

Алхрақәа хыркәшаны акомиссиа алахәылацәа абжьқәа рыԥхьаӡара иалагеит.

Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп алхыҩцәа рыбжьы реиҳа зауз акандидат.

Алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәахоит хәажәкыра 13 асааҭ 12:00 рзы.