Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны Апрокуратура хада: алхратә кампаниаан арзаҳалқәа хԥа ҳауит

© Sputnik / Томас Тхайцук Первый зам генпрокурора Дамир Квициния
Первый зам генпрокурора Дамир Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа еилкаахоит хәажәкыра 13 асааҭ 12 рзы АКХ апресс-центр аҿы.
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа алхратә кампаниаан х-рзаҳалк ҳауит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит АКХ апресс-центр аҿы.

"Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба жәабран 16 рзы Апрокуратура хадахьы иҟаиҵаз азыҳәала Аҟәа ақалақь апрокуратура агәаҭара мҩаԥнагоит адепутатрахь акандидат Чачхалиа Алашарбага араион аҿы амҩақәа лашарала реиқәыршәара аус иалахәразы. Макьаназы уи ала ауаа раахәара аҭыԥ аман ҳәа ҳазҳәом", - иҳәеит иара.

Жәабран 25 рзы Адгәыр Арӡынба апрокуратурахь инаишьҭыз азыҳәала акандидат Асҭамыр Гьерхьелиа иганахьала аусҭҵаара мҩаԥысуеит иҳәеит Кәыҵниа.
"Азыҳәа иацуп ишьақәыргылам аинтернет-ресурс акьыԥхьымҭа. Уа Гьерхьелиа ҭабуп ҳәа иарҳәоит Араион ҿыц аҿы ауаажәларратә транспорт аангыларҭа аиҭашьақәыргыларазы. 2022 шықәса хәажәкыра 7 рзы ақалақь ахадара иаҳнаҭеит аинформациа. Уи инақәыршәаны, 2022 шықәса ажьырныҳәа 20-28 рыҩнуҵҟа АУ "Горстройпроект" Араион ҿыц аҿы ауаажәларратә транспорт аангыларҭа еиҭашьақәнаргылеит – Аргәын имҩа, 12", - иҳәеит Дамир Кәыҵниа.
Вальтер Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр: алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы еилагарак азгәаҭам
Иара убасгьы, адепутатрахь акандидат изыҳәала алхратә компаниаан ауаа рҭаҩра азҵаара ҭырҵаауеит.
"Гәдоуҭа араион ААР амаҵзурауаа рус аҭҵаараан иаарԥшын аминистр идҵа №824 (17.11.2016ш) шеилагаз 58 тәылауаа рҭаҩреи реиҭаҭаҩреи аганахь ала", - иҳәеит Кәыҵниа.
Арҭ ахҭысқәа рзы аинформациа Аԥсны АКХ ахь инашьҭуп, Аԥсны ААР апаспорттә усбарҭа иадҵоуп хәымш рыҩнуҵҟа рҭыԥ иқәҵазарц.
"Аус зуа азакәанԥҵара аилагара алзыршаз ахаҿқәа ақәнага иақәыршәатәуп. Иахьазы уаҳа даҽа дыррак ыҟам алхратә закәанԥҵара еилагоуп ҳәа", - иҳәоит Кәыҵниа.
Абжьыҭара амш азы апрокуратурахь шшыԥхьыӡ нашьҭым ҳәа иҳәеит иара.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны
93 материал
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп. Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 75.
Алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рылаҳәаразы абрифинг мҩаԥгахоит хәажәкыра 13, асааҭ 12:00 рзы АКХ апресс-центр аҿы. Асиа иануп 130 нызқьҩык алхыҩцәа. Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50% + 1 бжьы зауз акандидат. Ариаҟара бжьы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы имоузар, аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иазыԥхьаӡоуп абжьыҭиҩцәа рааира 25% артәазар.
Ажәабжьқәа зегьы
0