Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Ацҳаражәҳәаҩ Антонов: Вашингтон ахимбџьар азы ирҳәо Урыстәыла ахьӡ арцәгьароуп изызку

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаместитель главы МИД Анатолий Антонов посетил Госдуму РФ
Заместитель главы МИД Анатолий Антонов посетил Госдуму РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ЕАА Аҳәынҭдепартамент ахаҭарнак Нед Праис аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Украина ахимиатә бџьар ахы ианархәар алшоит ҳәа.
АҞәА, хәажәкыра 12 – Sputnik. ЕАА рҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов Урыстәыла Украина ахимиатә бџьар ахархәара алшоит ҳәа Вашингтон иҟарҵо аҳәамҭа иаанаго Урыстәыла ахьӡ арцәгьароуп иаанаго иҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ари баша цәажәароуп. Америкатәи ачынуаҩ, еснагь еиԥш, ҵаҵӷәык даламцәажәеит. Ииҳәаз иаанагогьы еснагь еиԥш Урыстәыла ахьӡ арцәгьароуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан украинатәи амилаҭеилыхцәа ззин ыҟам амаҭәашьарқәа рхы иадырхәар ҟалоит ҳәа. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак аинрал-маиор Игор Конашенков иҳәахьан ари аус азы Урыстәыла ахара адлартә амҩаԥгара рыгәҭакуп ҳәа.
Ахимиатә бџьар ақәиҭымтәразы аиҿкаара (ОЗХО) иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Александр Шульгин иҳәеит Москва аиҿкаара атехникатә маӡаныҟәгарҭахь уи азы адокументқәа нанашьҭуеит ҳәа.
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова с президентом Швейцарии И. Кассисом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара
Ажәабжьқәа зегьы
0