https://sputnik-abkhazia.info/20220313/uakhyki-naki-ryla-asny-47-yk-akchymazara-shrymaz-aadyrshit--1038088015.html
Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 47-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит
Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 47-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 811 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 47 845 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит... 13.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-13T09:00+0300
2022-03-13T09:00+0300
2022-03-13T09:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/16/1036866721_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_072548df7b4d0a88f59743e242aef8e5.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Хәажәкыра 12 азы Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 70-ҩык, урҭ рахьтә 47-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 17-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 3-ҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ԥшьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 10-ҩык, урҭ рахьтә ҩџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ԥшьҩык ачымазыҩцәа шьҭоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/16/1036866721_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_14bcf93499b0bc94dc5a2984e4b3c5cd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа, ауаажәларра
Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 47-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит
09:00 13.03.2022 (ирҿыцуп: 09:08 13.03.2022) Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 811 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 47 845 -ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 666-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Хәажәкыра 12 азы Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 70-ҩык, урҭ рахьтә 47-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы акоронавирус зыхьуаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит 74, 86 шықәса зхыҵуаз ахацәа.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 17-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 3-ҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ԥшьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 10-ҩык, урҭ рахьтә ҩџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ԥшьҩык ачымазыҩцәа шьҭоуп.